Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аилацәажәара мҩаԥигеит 2022 шықәса аихшьала азуразы ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны.
Аилацәажәараан иазааҭгылеит афымцамч, аҭыԥантәи абиуџьетқәа рынагӡара, Аԥсны аинвестициадԥхьалара аиӷьтәра уҳәа ирызкыз азҵаарақәа.
Иара убас иахцәажәеит асоциалтә усхк, ааглыхратәи ақыҭанхамҩатәи аарыхра амҽхак инаданы иактуалтәу азҵаарақәа.
Аҳәынҭқарра Ахада аҭыԥантәи ахаланпхгаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа иргәалаиршәеит рнапы иану араионқәа рыҟны иҟоу аҭагылазаашьазы ирыду аҭакԥхықәра атәы, аусхкқәа зегьы рыҟны аинформациа асистематә ҟазшьа аҭареи, хырхарҭацыԥхьаӡа хәҭа-хәҭала адырра амазареи ирымоу аҵакы наҵшьны.
Аслан Бжьаниа анапхгаҩцәа рнапы ианиҵеит еиуеиԥшым аусхкқәа русуразы иааиԥмырҟьаӡакәа есхымз аинформациа иҭара.
Аилацәажәараан Аслан Бжьаниа ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа ирылаиҳәеит Аԥсни Ҭаҭарсҭан Ареспубликеи рыбжьара аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны аусура аиҿкаара инамаданы аквалификациа аизырҳаразы алшара ҟалар шалшо.
Аилацәажәара иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Александр Анқәаб, Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа.