АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Ԥхынҷкәын.2022

АСЛАН БЖЬАНИА ДОНБАСС АУААԤСЫРА АМАНДАРИН РЗЫШЬҬРАЗЫ ГУЛРЫԤШЬ АРАИОН АҾЫ ИҞОУ АИХШАРҬАТӘ БАЗА ДАҬААИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион аихшарҭатә база даҭааит, уа Донбасстәи ахәыҷқәа рзы агәыҳалалратә цхыраара ашьҭразы аусурақәа мҩаԥысуеит. Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо иахьазы еиқәыршәоуп 60 тонна амандарин ашьҭразы. 10 тоннак инареиҳаны адкыларҭатә ҭыԥқәа рахь инаргеит атәылауаа.

«Ҳарҭ ҳацклаԥшны еилаҳхуеит, нас еизгоу амандарин рыҭрақәа ирҭаҳҵоит, Донецктәи Лугансктәи Жәлар р-Республикақәеи, Херсонтәи, Запорожсктәи ахәыҷқәа рҟынӡа инаӡарц азы. Аусура минуҭкгьы иаанкылам, ирласны иеизакхар, ахәыҷқәа ашықәс ҿыц азы ашәыр роуртә иҟалоит», - ҳәа иазгәарҭон аусуҩцәа атәыла Ахада ианиҿцәажәоз.

Ишәгәалаҳаршәоит, Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа амчыбжь алагамҭазы ишаԥшьигаз агәыҳалалратә цхыраара аҟаҵаразы амандарин аизгара. Ари аԥшьгара адгылара арҭеит абизнестә еилазаара ахаҭарнакцәеи, Аԥсны атәылауааи.

Зынӡа иазԥхьагәаҭоуп 80 тонна рҟынӡа амандарин ашьҭра. Иаарласны еиҿкаахоит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи рыҟнытә агәыҳалалратә колонна. Урҭ рыҽрымардоит урыстәылазегьтәи ауаажәларратә еиҿкаара "Агвардиа ҿа" аволонтиорцәа, урҭ рволонтиортә центрқәа ыҟоуп Херсон, Донецк, Луганск, Запорожсктәи аобластқәа рыҟны.

 


Read 356 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.