АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Ԥхынҷкәын.2022

АСЛАН БЖЬАНИА ИДЫРГАЛЕИТ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АГАЗЛА АИҚӘЫРШӘАРАЗЫ АСХЬЕМА ХАДА АПРОЕКТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигеит Акционертә уаажәларра «Газпррм промгаз» аделегациа злахәыз аиԥылара.

Аиԥылараҿы аҳәынҭқарра Ахада идыргалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра агазла аиқәыршәразы Асхьема хада апроект.

Апроект аус адулан газла аиқәыршәразы асхьема хада азырхиаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистрреи "Газпром промгази" рыбжьара изҵаҩыз Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны.

Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, аусурақәа зегьы рымҩаԥгара ҿҳәарас иаҭан шықәсык. Еиқәшаҳаҭрала иаҵаҩын, агазификациа Асхьема хада апроект ала иазԥхьагәаҭаз аетапқәа зегь рымҩаԥгара аҿҳәара ҳәаақәызҵоз амҩатә хсаала.

Абри аамҭазы Аԥсны газла аиқәыршәаразы Асхьема хада азырхиаразы аусура Аиқәшаҳаҭраҿы иарбаз аҿҳәара инақәыршәаны ихыркәшоуп, иагьрыдгалоуп атәыла анапхгара.

Асхьема хада иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа афинанс азоужьуп 2020-2022ш.ш. Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аусмҩаԥгатәқәа рхыркәшара аҿҳәарас иамоуп 2022шықәса.

«Акрызҵазкуа аус ду мҩаԥгоуп. Аамҭа ҳҭахуп азыӡбақәа рыдкылареи аусеицуразы аԥхьаҟа иҟаҵатәу ашьаҿақәа аус рыдулареи рзы», -ҳәа иҳәеит Аԥсны Ахада  Аслан Бжьаниа.

 


Read 371 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.