АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Ԥхынҷкәын.2022

АԤСНЫ АГУМАНИТАРТӘ ЕИДАРА АИЗГАРА МҨАԤЫСУЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны зхы иақәиҭхаз иҿыцу Урыстәылатәи арегионқәа рҿы инхо ахәыҷқәа рзы агуманитартә цхыраара аизгара мҩаԥысуеит, ҳәа иаанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵа ала, ареспублика араионқәа зегьы рҿы еиҿкаауп агуманитартә цхыраара аизгара апунктқәа. Ареспублика ауааԥсыра активла иарбоу акциа рхы аладырхәуеит.  Очамчыра араион аҿы убас еиԥш иҟоу апунктқәа руак иахьа  даҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада араион ауааԥсыра агуманитартә акциа рхы ахьаладырхәо азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит:

«Ҳара ҳауаажәлар акыр арыцҳаибашьара злоу, еснагь ацхыраара аҭара иазхио уаауп.  Агуманитартә цхыраара аизгара зхы алазырхәыз зегьы хаҭала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп.  Агуманитартә цхырара аизгара иадҳәалоу акциа  ари иҳалшо хра злоу усуп. Ҳара иахьа ари ацхыраара акырӡа аҵак азҭо ауаа гәыкала ҳрыцхраауеит», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Очамчыра араион аҿы иахьазы еизыргахьеит  7,5 тонн амандарина. Аизгара ашьҭахь урҭ  аилыҟәшәагатә цех ахь инагахоит. Уаҟа ашәыр акоробкақәа ирҭаҵаны иҿыцу урыстәылатәи арегионқәа рахь адәықәҵаразы идырхиоит. 


Read 353 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.