Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы аҭырқәа қалақь Хаилар аҿы иҟоу аԥсуа-база жәлар Адунеизегьтәи Рконгресс аҭыԥантәи аҟәша анапхгаҩы Ердынч Аҭеиба иԥсҭазаара алҵра инамаданы алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит Ҭырқәтәыла, Германиа, Голландиа аҟынтәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа, иара убас апрофессор, ажурналист Екатерина Бебиа, Аԥсуаҭҵааратә Институт адиректор Арда Ашәба, арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа.
Еизаз зегьы зыԥсҭазаара иалҵыз минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит.
Еизаз рҿаԥхьа дықәгылауа, Вадим Ҳаразиа иҳәеит: «Ишыжәдыруа еиԥш, ааигәа иԥсҭазаара далҵит ҳашьа еиҳабы, ҳҩыза бзиа, апатриот иаша, аԥсуа хаҵа, Ҭырқәтәыла «аԥсуара» аиқәырхара аус азы акыр аџьабаа збахьаз, зыԥсадгьыли зыуаажәлари рхьаа зхьааз - Ердынч Аҭеиба. Уи мыцхәы аҽықәыргылара бзиа ибаӡомыз, убри азы иахьатәи ҳаиԥылара ҭаацәашәала имҩаԥысуеит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Екатерина Бебиа илҳәеит: «Иахьа аиашазы илахьеиқәҵагоу мшуп. Иԥсҭазаара далҵит апатриот ду, «аԥсуара» аиқәырхара иазықәԥоз, зхәыцрақәа зегьы зҭоурых Ԥсадгьыл иадҳәалаз ауаҩы иаша», - ҳәа иазгәалҭеит Екатерина Бебиа. Апанихида аиҿкааҩцәа еизаз иддырбеит Ердынч Аҭеиба изкны ажурналист Екатерина Бебиа иҭылхыз адокументалтә фильм.
«Ердынч Аҭеиба аӡәырҩы рзы дҿырԥшыганы дыҟан, уи зеиӷьаҟам ала аԥсышәала ицқьаны дцәажәон, ибызшәа ԥшӡан. Ҳара ас еиԥш иҟаз ауаа ҳхамышҭуазароуп. Ҭырқәтәылаҟа ҳцараан иара есымша даҳԥылон, ҳнаига-ааигон, ҳаҩны ҳаҟоушәа ҳаҟазаара ирманшәалон. Уи есымша ауаҩреи ақьиареи ицын», - ҳәа иҳәеит Аԥсуаҭҵааратә Институт адиректор Арда Ашәба.