АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Ԥхынҷкәын.2022

АИНФОРМАЦИАТӘ МАҴЗУРА SPUTNIK АԤСНЫ 8 ШЫҚӘСА АХЫҴИТ!

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 8  рзы амшиира азгәанаҭоит аинформациатә Маҵзура Sputnik Аԥсны. Раԥхьаӡа уи Аԥсны ицәырҵит ԥхынҷкәынмза 8, 2014 шықәса рзы. Убри амш инаркны агентра асаит аҿы есыҽны, ессааҭ Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы имҩаԥысуа хадара злоу ахҭысқәа рзы аинформациа анылоит.

Аинформациатә Маҵзура Аԥсныпресс аколлектив рколлегацәа рныҳәа рыдырныҳәалоит, ирзеиӷьаршьоит агәабзиара, агәамч, иҿыцу апроектқәа, азанааҭтә қәҿиарақәа, аихьӡара дуқәа, аизҳазыӷьара!  


Read 263 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.