АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Ԥхынҷкәын.2022

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АРХАНГЕЛЬСКТӘИ АОБЛАСТ АГУБЕРНАТОР АКТӘИ ИХАҬЫԤУАҨ – ВАГЕ ПЕТРОСИАН ДИДИКЫЛЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Архангельсктәи аобласт агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩ Ваге Петросиан дидикылеит.

Аҳәынҭқарра Ахада асас аԥсшәа иаҳәо, иазгәеиҭеит Аԥсны анапхгара Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи реизыҟазаашьақәа аҵак ду шанаҭо.

«Бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳҳәоит Аԥсны. Ҳара ҩызак иаҳасабала шәбара ҳаигәырӷьоит. Хтәылақәа русеицура, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәеи ирыбжьоу аимадарақәа Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа реизҳазыӷьара иазкуп. Урыстәыла акәша-мыкәша аҭагылазаашьа уадаҩуп иахьа, уи еилыкка иаанарԥшит Урыстәыла иадгылоу, ҩызара азызуаҵәҟьа, аԥхьаҟагьы Урыстәыла иадгылаҩцәаны иҟало», - иҳәеит  Аҳәынҭқарра Ахада. 

Ваге Петросиан Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа еиҳәеит иҟаиҵаз адкыларазы, иҳәеит иаара хықәкыс ишамоу арегионбжьаратә усеицура арҭбаара, аусеицура ахырхарҭа ҿыцқәа разгәаҭара.

«Гәык-ԥсык ала иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп ааԥхьара исышәҭаз азы, асасдкыларазы, Архангельсктәи аобласт аделегациа Аԥсны Аҳәынҭқаррахь авизит аиҿкаара иашәҭаз адгыларазы. Имыцҳәхом, ҳаиԥылара аиҩызцәа бзиақәа рыбжьара имҩаԥысуа форматуп иамоу ҳәар. Еишьцәахаз ақалақьқәа Аҟәеи-Архангельски реиҩызареи русеицуреи иазку аҭоурых ҳамоуп шәаргьы ҳаргьы», -– иҳәеит Петросиан. Иара убас уи иҳәеит Аԥсны иибаз иаҳаз гәахәара ширҭаз. 

«Амҩақәа, ашьаҟауаа рымҩақәа, атуристтә обиектқәа рырҿыцра иаҿуп, ари зегьы Шәара шәнапхгарала имҩаԥысуеит. Сара авиациа иадҳәалоу аӡәы иаҳасабала, гәахәарала иазгәасҭарц сҭахуп ареспубликаҟны авиациа аҿиаразы аилкаара ахьыҟоу, иҟоуп Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара авиеимадара аиҭашьақәыргылара иазку «амҩатә хсаала», - иҳәеит Ваге Петросиан. 

Аганқәа ганрацәалатәи аусеицура иалацәажәеит, ирҳәеит Аԥсни Архангельсктәи аобласти реимадара арҿиареи арӷәӷәареи зҿлымҳара шарҭо.

Аиԥылара хыркәшо, А. Бжьаниеи В. Петросиани агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.

 

 


Read 335 times - Аԥшьаша, 08 Ԥхынҷкәын 2022 19:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.