АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Ԥхынҷкәын.2022

МУССА ЕҚЬЗЕҚЬ ҨАԤХЬА АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АԤСУА-БАЗА ЖӘЛАР РКОНГРЕСС ИРЕИҲАӠОУ АХЕИЛАК АХАНТӘАҨЫС ДЕИҬАЛХУП.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касландӡиа/.  Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс VIII аизара ду аделегатцәа Иреиҳаӡоу Ахеилак аилазаара ҿыц шьақәдырӷәӷәеит.

Аԥсны аҟынтәи Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак аилазаара иалалеит  Арда Ашәба,  Алина Барцыц, Џьамбул Инџьгиа, Нури Кәарҷиа, Вадим Ҳаразиеи Виачеслав Чыркбеи; Санкт-Петербург аҟынтәи  – Мусса Еқзеқь; Ҟарачы-Черкесстәи Ареспублика аҟынтәи – Мухадин Аубеков, Умар  Кончев, Мурат Муков,  Армида Чагәаа; Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика аҟынтәи –  Владимир Пшеноков, Москва ақалақь аҟынтәи  –  Беслан Агрба, Олег Барцыц, Беслан Кобахьиа, Мурадин Курчуков; европатәи атәылақәа рҟынтәи –  Ерҟан Ҳаџьымба; Ҭырқәтәыла аҟынтәи – Биулент Аҩӡба, Шамиль Баркан, Атилла Бганба, Мураҭ Гечба, Мехмеҭ Инаԥшьба, Шамиль Ешба; Аџьариа аганахьала – Натали Лазба, Шьамтәылантәи – Шараф Маршьан.

Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәылацәа ралхра ашьҭахь аделегатцәа  уи ахантәаҩы иалхра ахь ииасит.

Аԥсны анаукақәа Ракадемиа Агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут адиректор Арда Ашәба Мусса Еқзеқь кандидатура ықәиргылеит.  Беслан  Кобахьиеи Беслан Агрбеи убасҵәҟьа ари ажәалагала иадгылеит.

«Ҳара зегьы Мусса Еқзеқь инаигӡахьоу аусура азы иҭабуп ҳәа иаҳҳәалароуп. Уи Аконгресс азы, аԥсуа-база жәлар рзы иҟаиҵахьоу акыр ирацәоуп. Ари аҩыза аус ду, афинанстәра аганахьалагьы знапы алаку ауаҩы адгылара иҭатәуп ҳәа сгәы иаанагоит.  Уи  иаанаго рацәоуп», – ҳәа иҳәеит «Москватәи аԥсуа Диаспора» анапхгаҩы Беслан Агрба.

Абжьыҭира аихшьаалақәа рыла, Мусса Еқзеқь Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс еицҿакны далырхит.        


Read 290 times - Аԥшьаша, 08 Ԥхынҷкәын 2022 19:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.