АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Ԥхынҷкәын.2022

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АԤСУА-АБАЗА КОНГРЕСС VIII АИЗАРА ДУ АФОРУМ АДЕЛЕГАТЦӘЕИ АСАСЦӘЕИ ДРЫДНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа дызлахәыз Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII аизара ду афорум аделегатцәеи асасцәеи дрыдныҳәалеит. Уи иқәгылараҟны иҳәеит :

«Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аԥҵара арыцхә ҳара ҳхьанарԥшуеит Аԥсны жәлар ашәарҭа ду ианҭагылаз аамҭа ашҟа. 1992 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аилашакьымҭазы/анцоз Лыхны ақыҭан имҩаԥысит ҳтоурыхтә ԥсадгьыл - Аԥсны ахьчаразы игылаз ажәлар реидкылара хықәкыс ишьҭыхыз I Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс. 

Аԥсуа жәлар рлахьынҵа аӡбаразы аҵак ду змаз Аԥсуа-абаза конгресс иалшеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьчараҟны мчы змаз еиҿкаарак аҳасабала ҳдиаспора ахаҭарнакцәеи, аԥсуааи, абазақәеи, егьырҭ ҳаиашьаратә жәларқәеи реидкылара.

Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан Аконгресс аусура есааира аҽарҭбаауан. Уи хра злоу амилаҭтә, аҳәынҭқарратә зҵаарақәа рылацәажәара,   аԥышәеимдара ахьымҩаԥысуаз, Аԥсны, Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика, Урыстәылатәи Афедерациа, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа, Европа атәылақәа жәпакы ирықәынхо аԥсуааи абазақәеи еидызкылоз ҭыԥны иҟалеит.

Ҳажәларқәа рдоуҳа, рҭоурых, рбызшәа ракра - шықәсырацәалатәи аиҿцаара, аидгылара иалҵшәаны иҟалеит. Имыцхәхаӡом, милаҭк аҳасабала ҳаиқәхарагьы ишиашоу абри апроцесс иадҳәалоуп ҳҳәар.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусура анхацыркыз аахыс имҩаԥгоу аусураҟны иҟоу алҵшәақәа алыршоуп, хымԥада, аиҳабацәа рабиԥара иабзоураны. Ахә ашьара уадаҩуп абри аус аиҿкаареи анапхгареи рҿы зылшамҭақәа рацәоу: Тарас Шамба, Иура Аргәын, Геннади Аламиа, Денис Чачхалиа, Арӡынба Џьамалиҭҭин, Бедиз Кәарцхьиапха, Елҳан Кәаӡба, Сергеи Пазов, Мусса Екзакь уҳәа уб.егь. имҩаԥыргаз аус.

Ҳхырхәоит Адунеизегьтәи аԥсуа –абаза аԥҵареи ашьақәгылареи рыҟны злагаламҭа аҵак ду амоу иахьа ара иҳалалагылам, здунеи зыԥсахыз ргәалашәара аҿаԥхьа.

Агәахәара унаҭоит иахьа урҭ рыԥсҭазааратә ԥышәа, аԥсадгьыл ахь ирымоу абзиабара, ҳҵасқәа, ҳажәлар рдоуҳатә ҭынха ҿыц игылаз абиԥарақәа иахьрымардо.

Иахьа урҭ Мусса Екзакь инапхгарала  абызшәеи акультуреи рыҿиаразы акрызҵазкуа аусқәа мҩаԥыргоит.  Аконгресс аҿаԥхьа иқәнаргылаз ауснагӡатәқәа хадақәа иреиуоуп  ҳдиаспора ахаҭарнакцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыхынҳәра, ҳџьынџьуаа Аԥсны аекономикатә, асоциалтә, акультуратә ҿиара ралархәра, аԥсуа-абаза жәлар рмилаҭтә хаҿра аиқәырхара . Сара агәра згоит абарҭ ахырхарҭақәа рыҟны аихьӡарақәа раарԥшра шрылшо.

Аконгресс еиднакыло аԥсуа-абаза аҭаацәара ду иазеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа. Изну амҩа еицакра ақәымзааит!»

 


Read 372 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.