АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Ԥхынҷкәын.2022

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДРАМАТӘ ТЕАТР АҾЫ ИААТИТ АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АԤСУА-БАЗА ЖӘЛАР РКОНГРЕСС VIII АИЗАРА ДУ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс VIII аизара ду аартра мҩаԥысит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс –абар шьҭа 30 шықәса ирылагӡаны рҭоурыхтә ԥсадгьыл иқәынхо реиԥш, аҳәаанырцә: Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа, европатәи атәылақәа, Еиду Америкатәи Аштатқәа, уҳәа егьырҭ атәылақәа рҿы инхо аԥсуаа, абазаа, аублаа еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаароуп.

Аизара ду ҳаҭыр зқәу асасцәа раҳасабала рхы аладырхәуеит: Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба,  Апарламент адепутатцәа, аминистрцәа, атәыла ауаажәларратәии аполитикатәии аусзуҩцәа. Аизара ду ахь иааит Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Германиа, Голандиа, уҳәа 11 тәыла рҟынтәи аделегациақәа.

Аизара ду аусура иалагаанӡа еизаз идырбахеит Адунеизеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс 30-шықәсатәи аиубилеитә рыцхә иазкны иҭыхыз адокументалтә фильм.

 

 


Read 294 times - Ахаша, 07 Ԥхынҷкәын 2022 21:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.