АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Ԥхынҷкәын.2022

АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТИ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АФЕДЕРАЛТӘ ЕИЗАРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМЕИ АУСЕИЦУРАЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА РЫБЖЬАРҴЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпрес.  Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думеи аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба имҩаԥигеит Виачеслав Володин напхгара зиҭо Аԥсны Аҳәынҭқарра официалтә визитла иаҭааз Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума аделегациа злахәыз инарҭбаау аиԥылара.

Аиԥылара иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент VII ааԥхьара адепутатцәа.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володини аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Аиқәшаҳаҭра Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыжәларқәа рыбжьара традициала иҿио аиҩызаратәи аидгыларатәи еизыҟазаашьақәеи аилибакаареи аусеицуреи рырӷәӷәара иацхраауеит.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Аганқәа русеицура аиҿкаареи арҭбаареи рзы иаԥырҵоит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара аусеицура иазку иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа Акомиссиа. Уи шьақәгылоит еиҟароу ахаҭарнакра шьаҭас иаҭаны.

 


Read 244 times - Ахәаша, 02 Ԥхынҷкәын 2022 19:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.