АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Ԥхынҷкәын.2022

ВИАЧЕСЛАВ ВОЛОДИН АԤСНЫ ЖӘЛАР РЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬРА АҾЫ ИҬАХАЗ РМЕМОРИАЛ АМҴАН АШӘҬШЬЫҴӘРАҚӘА ШЬҬЕИҴЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра официалла аҭаараан Урыстәылатәи Афедерациа  Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз аибашьцәа рыхьӡала Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны игылоу абаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Ашәҭшьҭаҵара аусмҩаԥгатә далахәын Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума аделегациа алахәцәеи егьырҭ аофициалтә хаҿқәеи.

 


Read 249 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.