АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Ԥхынҷкәын.2022

АԤСНЫҞА АУСУРАТӘ ВИЗИТЛА ИААИТ УРЫСТӘЫЛТӘИ АФЕДЕРАЦИА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АОФИЦИАЛТӘ ДЕЛЕГАЦИА.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥшьаша, ԥхынҷкәынмза  1 азы Аԥсныҟа аофициалтә визитла иааит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума аофициалтә делегациа. Уи напхгара аиҭоит Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы  Виачеслав Володин.

В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аҿы урыстәылатәи аделегациа ирԥылеит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, уи ихаҭыԥуаҩцәа Фазлыбеи Аҩӡба, Асҭамыр Аршба, Ашот Миносиан, жәларбжьаратәи аимадареи аидгьылуа рымадареи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Алхас Барцыц, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аделегациа аилазаара аҿы иҟоуп: Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Неверов, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аусқәа рхы, евразиатәи аинтеграциеи аидгьылуаа рымадареи рзы адуматә Еилакы ахантәаҩы Леонид Калашников, атәылахьчара азы адуматә Еилакы ахантәаҩы Андреи Картаполов, атуризми атурисстә инфраструктура аҿиареи рзы адуматә Еилакы ахантәаҩы Сангаџьи Тарбаев, жәларбжьаратәи аусқәа рзы адуматә Еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Светлана Журова, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аусқәа рхы, евразиатәи аинтеграциеи аидгьылуаа рымадареи рзы адуматә Еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Константин Затулин.

Аделегациа аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысраны иҟоуп Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи  Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володини реиԥыларақәа.  Иара убас Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәеи Аҳәынҭқарратә Дума аделегациеи реиԥылареи Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламенти Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра азԥхьагәаҭоуп.

 


Read 287 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.