АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Абҵара.2022

ЛЫԤСҬАЗААРА ДАЛҴИТ ԤЫХЬАТӘИ АҴАРА АМИНИСТР ҬАМАРА КАӶОНИА.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  92-шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит Аԥсны ԥыхьатәи аҵара аминистр Ҭамара Иван-иԥҳа Коӷониа.

Аԥсны аҵара Аминистрра Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, 1972 –1992 шш. Аԥсны аҵара аминистрс иҟаз Ҭамара Иван-иԥҳа Коӷониа лыԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы лыуацәеи лҭынхацәеи илыдышшылоит.

«Ҭамара Иван-иԥҳа Коӷониа лыԥсҭазаара алҵра лыуацәеи лҭынхацәеи реиԥш  аԥсуа жәлар зегьы рзы цәыӡ дууп! Лгәалашәара наунагӡоуп!

Ҭамара Иван-иԥҳа Аԥсны аеиԥш, уи нҭыҵгьы еицырдыруаз уаҩын. 20 шықәса инарзынаԥшуа ажәлар рҵара Аминистрра дахагылан. Уи аамҭа иалагӡаны Аԥсны 150 школ аргылареи аиҭашьақәыргылареи алыршахеит», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи иҟанаҵаз адышшалара аҿы.

 


Read 327 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.