Аҟәа. Абҵарамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны атәылауаа Аконституциа амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалара атекст аҟны иҳәоуп:
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа амш!
Иахьа аус зуа Аконституциа рыдыркылеит 1994 шықәса, абҵарамза 26 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет асессиаҟны. Ари аҭоурыхтә рыцхә ҳҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы акырӡа зҵазкуа аамҭоуп.
Аконституциа 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иаҳгаз аиааира алҵшәақәа шьақәнарӷәӷәеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра исуверентәу, изинтәу ҳәынҭқарраны ирылазҳәаз Аконституциа ҳажәлар ртәылауаҩратә зинқәеи рхақәиҭрақәеи, уи адгьылҵакыра акзаареи, акьымсреи рзы хәдықәҵара зуа акәны иҟалеит.
Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи апозициақәа арӷәӷәоит, иамоу аҩныҵҟатәи алшарақәа рырҿиара иаҿуп.
Ҳара иаҳуалуп Аконституциаҟны иарбоу анормақәа зегьы рдырра, рықәныҟәара, аекономикеи асоциалтә ҟәшеи ҭышәынтәаланы рыҿиара, аҳәынҭқарраҟны иҵоуроу аиҭакрақәа рымҩаԥгара ацхраара.
Аамҭа аҽаԥсахуеит, Аконституциа зыԥсы ҭоу аорганизм аҳасабала ауаажәларра рыԥсҭазаараҟны имҩаԥысуа аиҭакрақәа аныԥшуазароуп.
Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламенти, анагӡаратәи, аӡбаратәи мчхареи, ауаажәларреи еидгыланы абри аганахьала аусурақәа мҩаԥыргоит.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, ҳҳәынҭқарразы акрызҵазкуа амш шәыдныҳәало, гәык-ԥсык ала зегьы ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп аизҳазыӷьара, ҳаԥсадгьыл аҿиара, аизҳара иазку ахықәкқәа рынагӡараҟны аихьӡара ҿыцқәа!