АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Абҵара.2022

БЕСЛАН ӠЫБА ИШЬРА АФАКТ АЛА АШЬАУСТӘ УСЕИЛЫРГАРА ИРЕИҲАӠОУ АӠБАРҬА АХЬ ИДӘЫҚӘҴОУП.

Аҟәа. Абҵарамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Апрокуратура Хада Гәыдалиа Игор Енварбеи-иԥеи Зыхәба Аслан Игор-иԥеи рганахьала Ӡыба Беслан Леонид-иԥа гәҭакыла ишьреи, иара убас Аҩӡба Гарри Хьудар-иԥеи Гәыдалиа Артур Шамел-иԥеи  рыцны амцабџьар изакәанымкәа аикәыршареи (Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 217, ахәҭа 2, иара убас ахәҭаҷ  99, ахәҭа 2 апунктқәа  «е», «ж» инарықәыршәаны) рзы ирыдҵаз ахара ала ихацыркыз ашьаустә усеилыргара азы ахарадҵатә лкаа шьақәнарӷәӷәеит. 

Ашьустә усеилыргара абҵарамза 25, 2022 шықәсазы ахәаԥшразы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь идәықәҵахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит апрокуратура Хада официалтә саит.  

Аҟәа ақалақь апрокуратура ала имҩаԥгоу ашьаустә усеилыргара аматериалқәа рыла ишышьақәыргыло еиԥш, ԥхынгәымза 17, 2021 шықәса,  20 сааҭи 00 минуҭи инарзынаԥшуа, Гәыдалиа Игор Енварбеи-иԥа иашьа гәакьа Гәыдалиа Руслан Енварбеи-иԥа дицны Ӡыба Беслан Леонид-иԥеи дареи хаҭала ирыбжьалаз аимак-аиҿак аҭышәынтәалара азы Агрба Гарри Хьудар-иԥеи Зыхәба Аслан Игор-иԥеи Гәыдалиа Артур Шамел-иԥеи рыцны, Зыхәба А.И. зыԥсҟы икыз автомашьына «Nissan Skyline» (аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларатә дырга О336ОМ АВН) ала, зыхҭаларшә 7,62 мм. рҟынӡа инаӡо автомат  «Калашникова «АКМ», уи иатәу аџьаԥҳаны ацны, зыхҭаларшә  9 (9х18) мм. рҟынӡа инаӡо атапанча  «Макарова «ПМ», уи иатәу аџьаԥҳаны ацны, зыхкы шьақәыргылам арҭҟәацга, уҳәа рыла еиқәных, Аҟәа ақалақь, В.Лакоба имҩеи Цәыббра-30 амҩеи реихысырҭаҿы игылоу афатәҭирҭа «Мықә»  иатәу ауарашжәырҭа ахь инеит.  

Ауарашжәырҭа аҩныҵҟа Руслан Гәыдалиеи, Гарри   Аҩӡбеи Аслан Зыхәбеи Беслан  Ӡыбеи ажәақәа еимаркит, анаҩс урҭ аибаԥҟара ахь игылеибагеит.  Убри аамҭазы Аслан Зыхәба атапанча «Макарова «ПМ» ала Беслан Ӡыба деихсит. Ахәра зауз Беслан Ӡыба аҿагылара аҳасабала атапанча «Макаров-«ПМ» ала Аслан Зыхәбеи Руслан Гәыдалиеи дреихсны ихәит. 

Имҩаысуаз зегьы амашьына «Nissan Skyline» аҟынтәи избоз  Игор Гәыдалиа ауарашжәырҭа дааҩнаԥаланы автомат «Каоашников «АКМ» ала Беслан Ӡыба  иганахьала 7-нтә еиҵамкәа дхысит.  Иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны Беслан Ӡыба иԥсҭазаара далҵит.


Read 300 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.