Аҟәа. Абҵарамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Асида Шьаҟрыл лыуаажәлар Аԥсны ихадоу аҳәынҭқарратә ныҳәақәа иреиуоу – Аконституциа Амшныҳәа рыдылныҳәалеит.
«Аԥсны Аконституциа ихадоу адемократиатә принципқәа – ажәлармчра, ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи ринтересқәеи ҳаҭыр ақәҵареи ахьчареи, азакәан ахадара, зегьы азакәани аӡбарҭеи раԥхьа реиҟарара, атәыла анапхгараҭара аусура аартреи ажәлар рҿаԥхьа аҳасабырбареи, уҳәа шьақәзырӷәӷәо аҳәыҭқарратә усшәҟәы ауп. Иарбоу ахәдуқәа рырӷәӷәара ала мацарала ауп ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара шалыршахо», – ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.
Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу агәҭынчымра лызцәырнагоит «аҵыхәтәантәи аамҭа азы лассы-лассы ицәырҵуа иалагаз атәылауаҩ иконституциатә зинқәа рырмаҷра иадҳәалоу апрецендентқәа».
«Амассатә информациа ахархәагақәа рҿы ацензура арӷәӷәареи зхы иақәиҭу ажәа азы аконституциатә зин аԥкреи ирыдҳәалоу афактқәа акыр ишәарҭоу атенденциа шыҟоу арҵабыргуеит. Зхы иақәиҭу ажәа, зхы иақәиҭу аидгыларақәа (аидгыларақәа рхы иақәиҭны аусуразы азин уахь иналаҵаны), иара убас зхы иақәиҭу атәылауаҩратә алахәхара азы аконституциатә зинқәа рзы ашәарҭара ду аҵоуп аҵыхәтәантәи аамҭазы аус здыруло – аҳәаанырцәтәи агентцәа рзы азакәан.
Актәи аԥхьараҿы ирыдыркылаз «Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аҟәыҭхара аҿагылара азы» Аԥсны азакәанқәа рыпроектқәагьы убасҵәҟьа атәылауаа рконституциатә зинқәеи рхақәиҭреи дырмаҷуеит», – ҳәа иазгәалҭоит Асида Шьаҟрыл.
Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу ареспублика атәылауаа зегьы рахь Аԥсны Аҳәынҭқарра атерриториалтә акзаара аилагареи ахьыԥшымра амхреи, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи рырмаҷреи рганахьала ҳ-Конституциа аиҭахәаԥшра азы аҽазышәарақәа иаҿагыларц» азы ааԥхьара ҟалҵоит.
Асида Шьаҟрал Аԥсны жәлар ахақәиҭреи ахьыԥшымреи иаҵоу аҵакы дырны аҳәынҭқарра аконституциатә шьаҭа ахьчара шрылшо азы агәрагара аалырԥшит.
Асида Шьаҟрыл лыуаажәлар ирзеиӷьалшьеит раԥхьаҟа аизҳазыӷьареи аманшәалареи рыманы аԥеиԥш лаша змоу ихьыԥшым адемократиатә ҳәынҭқарра Аԥсны аҿы анхара!.