АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Абҵара.2022

СЕРГЕИ ШАМБА: «ҲАРА АКОНСТИТУЦИА ИУАДАҨЫЗ ААМҬАЗЫ, ҲТӘЫЛА АХЬЫԤШЫМРЕИ АСУВЕРЕНИТЕТИ АЗЫҚӘԤАРА ИАДҲӘАЛАЗ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РҾЫ ИҲАДАҲКЫЛОН».

Аҟәа. Абҵарамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  28 шықәса раԥхьа, абҵарамза 26, 1994 шықәса рзы ирыдыркылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа.  Иарбоу ахҭысқәа ирхаану – усҟантәи аамҭазы анаукеи акультуреи аҵарадырреи рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет акомиссиа ахантәаҩыс иҟаз, иахьа ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩыс иҟоу Сергеи Шамба Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Аԥсны 1994 шықәсазы Аконституциа адкылара иадҳәаланы изнысыз амҩа атәы еиҭеиҳәеит.

Сергеи Шамба: «Аиашазы, усҟантәи аамҭа хьанҭан, ҳтәыла ахьыԥшымреи асуверенитети рзы ақәԥара ҳаҿын. Ари ашықәс азы ҳажәлар шықәсырацәала имҩаԥыргоз рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара азакәанԥҵаратә, аконституциатә форма аанахәеит.

Ақырҭуа ган имариамыз рыҿцәажәарақәа ирылҵшәаны  1991 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ашьақәыргылара азы аиқәшаҳаҭра абжьаҵара алыршахеит. Ус изыҟалазгьы, ақырҭцәа аԥсуаа еидгыланы рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара даҽа аамҭак еиԥшымкәа аҽарӷәӷәара ҳасаб арымҭар залымшахеит азы.  Убри азы ауп ақырҭуа ган уи иақәшаҳаҭымхар ада ԥсыхәа зырмоузгьы.

Убас ала Апарламент аилазаара аиҳараҩык аԥсуаа рхаҭарнакцәа рыла ишьақәгылеит, аха аконституциатә ԥыжәара аҟынӡа изынаӡомызт, убри аҟнытә аконституциа аиҭакрақәа ралагалара азы алшара рымамызт. Убри зегьы аҵыхәтәаны Аконституциа ҿыц аԥҵара ахымԥадатәра азы аилкаара аҟынӡа инанагеит.

Убасҟан Тарас Мирон-иԥа Шамба  аконституциа раԥхьатәи апроект адгалара мҩаԥигеит, уи гәдоуҭатәи агазеҭ «Бзыԥ» аҿы икьыԥхьхеит. Убри аамышьҭахь уи акәша-мыкәша ауаажәларра рыҩныҵҟа акыр ацәажәарақәагьы цәырҵит.  

Нанҳәамза 14, 1992 шықәса рзы Иреиҳаӡоу Асовет аилатәара аҿы ҳара аконституциа ҿыц адкылара азы азакәан апроект ҳахәаԥшраны ҳаҟан. Аха убри амш аҽны иалагеит Аџьынџьтәылатәи еибашьра.  

Жәаҳәарада, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра иарбоу апроцесс ахатәы коррективақәа аланагалеит, еилкаау усуп, аконституциа ҿыц адкылара азҵаара аамҭак азы актуалра ацәыӡит.  Аха аибашьра шынҵәазҵәҟьа ҳара ари азҵаара ҳаиҭазыхынҳәит. Зегьы раԥхьа агазеҭ «Бзыԥ» адаҟьақәа рҿы икьыԥхьыз аматериал алацәажәара апроцесс  иалагӡаны атәылауа иаҳзаарҭиуан разгәаҭарақәеи ражәалагалақәеи.  Иара убас, Америка инхо ҳдиаспора ахаҭарнакцәа, ахәҭакахьала, Инал Ҟазан, аконституциа ихатәы вариант ааишьҭит.  

 Иара убасҟанҵәҟьа, Владислав Григори-иԥа Арӡынба акомиссиа аԥиҵеит. Уи аилазаара иалалеит азиндырҩцәа Анри Џьергениа, Зураб Ачба, Баҭал Табаӷәуа.  Урҭ иаашьҭыз ажәалагалақәеи иҟоу авариантқәеи реишьашәалара аус адырулон.

Убас ауп  ишыҟалаз иахьа шәареи ҳареи иҳамоу, ҳаԥсҭазаараҿы ҳзықәныҟәо Аконституциа адкылара.  Уи анрыдыркылоз, иазгәасҭар сҭахуп, сара заҵәык соуп пунктқәак рганахьала агәынамӡара аазырԥшыз.  Уи моу, ӷәӷәалагьы урҭ сырҿагыланы сықәгылеит ҳәагьы уҳәаратәы иҟоуп.  Аха уеизгьы усҟан уи ҳаицҿакны иҳадаҳкылеит. Сара иаразнак убри аекземплиар аҿы аилатәара иалахәыз зегьы рнапынҵақәа еизызгеит.  Иазгәаҭатәуп,  Владислав Григори-иԥа ила сшалагаз анапынҵақәа реизгара. Ашьҭахь сара ари аекземплиар амузеи иасҭеит.

Аконституциа -  ари реалла имҩаԥысуа аԥсҭазаара иақәшәо иҟазар зыхәҭоу усшәҟәуп.  Сара сгәаанагарала, аамҭа есымша ахаҭа иунарбоит атәыла зегьы зланхо ихадоу аусшәҟәы иалагалатәу аиҭакрақәа ртәы.  

Уажәы уи аҩыза аамҭа шьақәгыланы иҟоуп. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ила ишьақәыргылан аконституциатә комиссиа. Уи атәыла ихадоу аусшәҟәы аиҭакрақәа ралагалара азы ажәалагалақәа еиқәнаршәеит. Ахәҭакахьала, иасгәасымҭар алшом, урҭ ианаамҭаз, 1994 шықәсазы иҟасҵоз ажәалагалақәа акырџьара ишрықәшәо.

Аиҭакрақәеи ацҵақәеи злагалоу аусшәҟы ахәаԥшразы Аҳәынҭқарра Ахада иахь идәықәҵан. Иара дақәшаҳаҭхеит. Хара имгакәа иарбоу аусшәҟәы ашьақәырӷәӷәаразы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь инашьҭхоит».

 

 


Read 266 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.