АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Абҵара.2022

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АКОНСТИТУЦИА 28 ШЫҚӘСА АХЫҴИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 26 – Аԥсны Аконституциа Амш ауп.  28 шықәса раԥхьа, 1994 шықәса, абҵара 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет аилатәара 12-тәи ааԥхьара иаднакылеит, 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы жәларзегьтәи бжьыҭиирала иақәшаҳаҭхеит, 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы жәларзегьтәи абжьыҭиира (ареферендум) аан ирыдыркылаз аԥсахра алагаланы.

«Ҳарҭ, Аԥсныжәлар, ҳхатәҳәаақәҵаратә зин аԥсҭазаара иаларҵәо, жәлары зегьы рзы насыԥла аԥсҭазаареи аҩнуҵҟатә гәҭынчреи ҳарзықәԥо, ауаҩытәыҩса изинқәеи, ихақәиҭрақәеи, ауаажәларратә ҳәоуеиқәшәареи шьақәырӷәӷәо, гәеизҳарала ирылаҳҳәоит, егьышьақәҳаргылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа»,- абас иаҳәоит Аконституциа алагамҭа аҿы.

Абҵарамза 26 Аԥсны аныҳәамшны иԥхьаӡоуп.  

28 шықәса ирылагӡаны атәыла ихадоу азакәан аиҭакрақәак алагалан –  жьҭаарамза 3, 1999 ш., мшаԥымза 30, 2014 ш., жәабранмза 3, 2016 ш., хәажәкырамза   29, 2016 ш.

Жьҭаарамза 3, 1999 шықәсазы имҩаԥгаз ареферендума аан аӡбаҩцәа рҽымԥсахра азы аԥҟара алган. Убри аамҭа инаркны аӡбаҩцәа хәы-шықәса аҽҳәара рыманы иалырхуа иалагеит.

Мшаԥымза 30, 2014 ш. Аҳәынҭқарра Ахада Алеқсандр Анқәаб ареспублика  аӡбаратә система аҿиара иҿыцу ахырхарҭа азҭаз «Аӡбаратә мчреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аиҭахәаԥшразы иҿыцу аԥҟарақәа рзы» «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аиҭакрақәа ралагалара азы» Аконституциатә закәан инапы аҵаиҩит. Атәыла иаку аӡбаратә система иалагалаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа аԥҵан.

Аиҭакра алагалан иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа азинмчқәагьы, аӡбаҩцәа рзинмчы аҽҳәара иацҵахеит (5 шықәса инаркны 10 шықәса рҟынӡа),  ақәратә ценз иацҵан (27 шықәсантәи 30 шықәсанӡа – актәи аинстанциа аӡбаҩцәа рзы, 35  шықәса рҟынӡа – Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи Абжьаҟазаратә ӡбарҭеи рыӡбаҩцәа рзы), иара убас Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи Абжьаҟазаратә ӡбарҭеи рыӡбаҩцәа рзы аусура аџьашықәс –  5 шықәса рҟынтәи 10 шықәса рҟынӡа иацҵахеит. 

  

Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа ракәзар –Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩыс иҟалар алшоит 40-шықәса зхыҵхьоу,  иреиҳау азиндырратә ҵарадырра змоу, азиндырра азанааҭ ала зусуратә џьашықәс 15 шықәса иреиҵам Аԥсны атәылауаа. Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа 15 шықәса аҽҳәара рыманы иалххоит.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент азинмчқәа рзы ахәҭаҷ 47 иалхын апункт 6: «Аԥсны Аконституциеи Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәеи реилыркаара мҩаԥнагоит». Аконституциа аилыркаара Аконституциа аилыркааҭара Аконституциатә ӡбарҭа ахь ииагоуп. Азакәанқәа реилыркаараҭара акәзар, ари азҵаара аартны иаанхеит.

Ишьақәырӷәӷәан Аконституциа аиҭахәаԥшра иҿыцу аԥҟара, убри аан ҷыдала иазгәаҭан, «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аиҭахәаԥшреи аиҭакрақәа ралагалареи залыршахом,  Аконституциа аиҭахәаԥшреи аиҭакрақәа ралагалареи ауаҩи атәылауаҩи изинқәеи ихақәиҭреи рырмаҷра азԥхьагәанаҭозар;  Аԥсны Аҳәынҭқарра атерриториалтә акзаара аилагареи ахьыԥшымра аԥыхреи азԥхьагәанаҭозар; урҭ ажәлармчра апринцип иаҿагылозар, амчрақәа реиқәшареи адгьыли егьырҭ аԥсабаратә ресурсқәеи ахатәразы аҳәынҭқарратә форма аиҭакреи, иара убас Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәа астатус аԥсахреи иазырхазар»  (ахәҭаҷ 83, апункт 5).

Жәабранмза 3, 2016 ш.  Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿы аҭыԥантәи ахаланапхгара азы» «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аиҭакрақәа ралагалара» азы Аконституциатә закәан инапы аҵаиҩит.  

Аконституциа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿы анапхгараҭареи аҭыԥантәи ахаланапхгареи ареформа азура иазку аиҭакрақәа алагалан.

Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи аҭоурыхтә дгьылқәеи ахьарбоу  ахәҭаҷ 4 иалагалахеит ақалақь Пицунда.

Ахәҭаҷ  53 апункт 16 иҿыцу аредакциа аҿы ишьақәырӷәӷәан. Уи инақәыршәаны, Аҳәынҭқарра Ахада анагӡаратә мчра аусбарҭақәа рхадацәа раҭареи, иара убас рмаҵураҭыԥ аҟынтәи рхы ақәиҭтәреи азакәан инақәыршәаны имҩаԥигоит.  Уаанӡа Аконституциа аҿы  иарбанызаалак азакәанқәа рахь азхьарԥшқәа арбаӡамызт.

Ахәҭаҷ 79, ахәҭа 3  аҿы аҭыԥантәи ахаланапхра аусбарҭақәа ралхра аԥҟарақәа, рзинмчқәа, реилазаара азакәан ала ишьақәырӷәӷәахоит ҳәа иарбоуп.

Хәажәкырамза 29, 2016 шықәсазы Аконституциа иалагалан зцәа зтәым аԥҳәыс леиԥырҟьара аақәиҭымзаара алагалан. Аконституциа иалагалахеит ахәҭаҷ  13, уи инақәыршәаны: «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭаацәаратә ԥсҭазаара акыр аԥсазаареи аиламгареи реиқәырхара азы, ихадоу, ихьыԥшым аинститут аҳасабала аҭаацәа рырӷәӷәареи рыхьчареи иазку ауснагӡтәқәа мҩаԥнагоит.  Аҳәынҭқарра ани имиц ахәыҷи рыԥсҭазаара еиҟараны ахьчара нанагӡоит».

 

 

 

 


Read 396 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.