АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Абҵара.2022

ПРИДНЕСТРОВИАТӘИ МОЛДАВИАТӘИ АРЕСПУБЛИКА АХАДА ВАДИМ КРАСНОСЕЛЬСКИ АСЛАН БЖЬАНИА АКОНСТИТУЦИА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельски Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аконституциа амш идиныҳәалеит.

 

Адныҳәалара атекст аҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!

Приднестровиа ажәлари хаҭала сара сыхьӡалеи гәык-ҧсык ала ишәыдаҳныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш !

Акырӡа иуадаҩу агеополитикатә ҭагылазаашьаан Аԥсны азакәан хада ихадароу ароль нанагӡоит ауаажәларразыакырӡа зҵазкуа: амилаҭтә акзаара, ауаажәларратә адоуҳатә ҳәоуеиқәшәареи атәыла аполитикатәи аекономикатәи ҭышәынтәалареи рыҟны.

Иахьа Аԥсны актуалра змоу аҩныҵҟатәии адәныҟатәии ашәарҭарақәа риааирала хьаҳәа-ԥаҳәарада илнахыз аҳәынҭқарра арӷәӷәареи аҿиареи ирызку амҩа иануп.

Аҭагылазаашьа схы иархәаны, исҳәарц сҭахуп ҳтәылақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа аиҩызара, аҳаҭыреиқәҵареи агәреибагареи шьаҭас иаҭаны аԥхьаҟагьы аҿиара шроуа.

Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, акрызҵазкуа абри Амш аҽны Шәаргьы аиашьара ҳзызуа Аԥсны жәларгьы ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, шәыԥсадгьыл аизҳазыӷьара ахьӡала аихьӡара ҿыцқәа!»

 

 


Read 384 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.