АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Абҵара.2022

МИХАИЛ ШУРГАЛИН АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АКОНСТИТУЦИА АМШНЫҲӘА ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Аконституциа амш идиныҳәалеит, ҳәа иаанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

«Абҵарамза 26 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аконституциа Амшныҳәа. Аконституциа Амш – ҳаамҭазтәи Аԥсны аҭоурых аҿы акыр зҵазкуа рыцхуп.  Атәыла азакәан хада аԥҵан аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы. Иналукааша аполитикцәеи, аҵарауааи, азиндырҩцәеи ирыбзоураны атәыла иаиуит аԥхьаҟа аҳәынҭқарратә ргылара, атәылуаҩратә уаажәларра адемократиатә институтқәа рыҿиара уасхырс ироуз акрызҵазкуа амаруга.

Михаил Шургалин Бжьаниа изеиӷьеишьет аҭакԥхықәра зцу амаҵураҟны аихьӡарақәа, Аԥсны иқәынхо ажәлар – аҭынчреи аизҳазыӷьареи.

 


Read 372 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.