Аҟәа. Абҵарамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аконституциа амш рыдиныҳәалеит.
Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!
Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа амш!
1994 шықәса абҵарамза 24 рзы ирыдыркылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых ҿыц азы илахьынҵаӡбаганы иҟалаз аусшәҟәы – атәыла Азакәан хада. Аконституциа ишьақәнарӷәӷәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра исуверентәу, идемократиатәу, изинтәу аҵакы, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи институтқәа рышьақәгылара уасхырс ироуит, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи ԥыжәара рыманы иҟанаҵеит.
Иахьа ауаажәларратә, аҳәынҭқарратә шьақәгылара анормақәа шьаҿа-шьаҿала аҿиареи, аиҭакра ҿыцқәеи алзыршо, Аԥсны жәлар рԥеиԥш агәрагара рызҭо ак акәны иҟалеит.
Азакәан хадеи уа иарбоу анормақәеи апринципқәеи рықәныҟәарала ҳара аԥышәара дуқәа ҳарҭысит, иахьа жәларбжьаратәи азин иаҵанакуа субиектны иҟоу, ихьыԥшым аҳәынҭқарра аргылара ҳаҿуп.
Аԥсны аҳәынҭқарратә ҿиараҟны хадара змоу азгәаҭаны, Азакәан хада аԥҟарақәа зегьы рынагӡарала, азакәанреи азинлеишәеи алыршала, атәылауаа рҳәоуеиқәшәареи аҭышәынтәалареи шьақәырӷәӷәо хьаҳәа-ԥаҳәарада аизҳазыӷьареи, ашьақәгылареи ирызку амҩа ҳануп.
Акрызҵазкуа абри амш аҽны Аԥсны жәлар ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аҭышәынтәалара, аизҳара, аизҳазыӷьара!
Ҽаанбзиала шәнеиааит!