25.Абҵара.2022
ДИАНА ԤЛИА «АԤСНЫ ЗҼАԤСАЗТӘЫЗ АЗИНДЫРҨЫ» ҲӘА АҲАҬЫРТӘ ХЬӠЫ ЛАНАШЬАХЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Диана Ԥлиа «Аԥсны зҽаԥсазтәыз азиндырҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ланашьара азы» Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
«Азакәанреи азинеиҿкаареи рырӷәӷәара аҿы ллагала азы, аконституциатә шьақәгылара, атәылауааи аиҿкаарақәеи рзакәантә зинқәеи ринтересқәеи рыхьчареи иҳараку лзанааҭтә дырра аҩаӡареи рзы «Аԥсны зҽаԥазтәыз азиндырҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ланашьазааит Ԥлиа Диана Едуард-иԥҳа», – ҳәа иазгәаҭоуп абҵарамза 25, 2022 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада инапы зҵаиҩыз Аусԥҟа атекст аҟны.