АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Абҵара.2022

АԤСНЫ АХӘААХӘҬРА-ААГЛЫХРАТӘ ПАЛАТА АҾЫ АИНВЕСТИЦИАТӘ АЖӘАЛАГАЛАҚӘА РЕИЗАКХЬӠЫНҴА АУС АДУЛАРА МҨАԤЫСУЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аԥшьгарала, Апалата апрезидент Ҭамила Мерцхәлааи ареспублика аекономика Аминистрра аҟны иҟоу Аинвестициатә Маҵзура адиректор Илона Лакербаиеи русуратә еиԥылара мҩаԥысит.

Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, Ҭамила Мерцхәлааи Илона Лакербаиеи атәыла аҿы аинвестициатә проектқәа рынагӡара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

«Иахьа ҳара афинанстә лагалақәа зҭаху аинвестициатә проектқәа рсиа ахәаԥшразы аҳәара ҟазҵо аусдкылаҩцәа маҷымкәа иҳадҵаалоит. Араҟа шәара шәыцхыраара аҭаххоит. Сара сгәаанагарала, ҳусеицура абизнес азы аидеиақәа рынагӡара азы хра злоу алшарақәа аанартыр алшоит, иара убри ала аусдкылара аҿиара азы аҭагылазаашьақәа акыр иарманшәалоит»,-ҳәа илҳәеит Ҭамила Мерцхәлаа.  

Уи иара убас аинвестициақәа рхымԥадатәра атәы еилыркаауеит аусхкқәа зегьы рхаҭарнакцәа ҳәа иазгәалҭеит. Убри аан, иманшәалоу аинвестициатә климат акыр аҳәынҭқарратә процедурақәа ирыдҳәалахоит – анаплакы ашәҟәҭагалара иаго аамҭа аркьаҿреи афымцацәаҳәақәа рымҩаԥгареи раҿакреи инаркны аконкуренциа арҿиареи аргылара азы азин аиуреи рҟынӡа.

Убри инамаданы, Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аинвестициатә ажәалагалақәа Реизакхьӡынҵа аԥҵаразы ажәалагала ҟанаҵеит. Иарбоу аизакхьӡынҵа аҿы аинвестор изы ихымԥадатәиу аинформациа зегьы арбахоит.  Аизакхьӡынҵа аус адулара иалагахьеит.  Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит аматериал азнагара ахаҭабзиара – уи ииашаны аекономикатә шьаҭакреи зҵакы гәылҭәаау аинвестициатә меморандуми  иацклаԥшны аус зыдулоу абизнес-плани роуп.

Аизакхьӡанҵа аҿы иара убас аинвестор изы ихымԥадатәиу аинформациа анаҩс иарбахоит аус зуа реиԥш аусура ахацыркразы афинанстәра зҭаху анаплакқәагьы рпаспортқәа.

Ҭамила Мерцхәлаа лгәаанагарала, азеиԥш хықәкны иҟалароуп амҩақәҵатә хсаала аԥҵара – аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи апартниорра амеханизмқәа рыҿиара ацхыраара аҭара иазырхоу, аҩганктәи ауснагӡатәқәагьы уахь иналаҵаны, аусмҩаԥгатәқәа рыплан.  

«Амҩақәҵаратә хсаала анагӡара аҟынтәи аеффект ҳреспублика азы ихәарҭоу, аеффективра злоу апроектқәа раԥҵареи рырҿиареи рырҭбаареи аҳасабала аинвестициақәа радыԥхьалареи рхархәареи алнаршоит.  Ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа ркомплекс аусуратә ҭыԥ ҿыцқәа раԥҵареи араионқәа рҿы аинфраструктура аҿиареи анаплак ҿыцқәа раартреи аекспорт адгылара аҭареи ашәахтәшәаҩцәа рхыԥхьаӡара аизырҳарала ашәахтәқәҵаратә база аҳәаақәа рырҭбаареи, иара убри ала иааизакны аекономика аҩаӡара ашьҭыхреи рахь икылнагоит», - ҳәа иазгәалҭеит Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент Ҭамила Мерцхәлаа. Уи лгәаанагарала, хыхь иарбаз аусмҩаԥгатәқәа потенциалла аинвесторцәас иҟалараны иҟоу рҿаԥхьа Аԥсны аинвестициатә имиџь ашьҭыхреи аинвестициатә ӡбамҭақәа рыдкылара азы ихымԥадатәиу аинформациатә еиқәыршәара аԥҵареи алнаршоит.

Ҭамила Мерцхәлааа лажәақәа рыла, аинвестициатә ажәалагалақәа Реизакхӡынҵа аԥҵара азы аусуратә гәыԥ аилазаара Ахәаахәҭр-ааглыхратә Палата анаҩс аекономика Аминистрра, ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра, Аҟәа ақалақь Ахадара, ареспублика араионқәа Рхадарақәа рхаҭарнакцәа, аҵарауаа, аекономистцәа, експертцәа алагалахароуп.  

Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аҿы иара убас еизгоу аинформациа аинвесторцәа рылаԥш аҿы иааиратәы еиқәзыршәаша аграфикатә дизаинерцәа  радыԥхьалара хымԥадатәны ирыԥхьаӡоит.

Ахәҭакахьала, Илона Лакербаиа, иқәыргылоу азҵаарақәа рыӡбаразы аусеицура азхиара аарԥшуа, иарбоу апроцессқәа апрофильтә специалистцәа зегьы радыԥхьалара ахымԥадатәра шыҟоу азгәалҭеит.


Read 247 times - Аԥшьаша, 24 Абҵара 2022 14:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.