АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Абҵара.2022

АԤСНЫ АХӘЫҶЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРАЗЫ АЗИНМЧЫ ЗМОУ МАКТИНА ЏЬЫНЏЬАЛИ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ МИХАИЛ ШУРГАЛИНИ ЕИԤЫЛЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 23 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аҿы Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьал Михаил Шургалини реиԥылара мҩаԥысит.

Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу ихадоу ихыдҵақәа иреиуоуп зықәра наӡам Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа еиԥш, уи анҭыҵгьы рзинқәеи ринтиресқәеи рыхьчара, иара убас Аԥсны иахьаҵанакуа иҟоу зықәра наӡам аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара.  

Мактина Џьынџьал Михаил Шургалин зықәсра наӡам  Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара аганахьала   лара лыхьӡала иаашьҭыз арзаҳалқәа рзы адырра илҭеит.  

Аудаҩрақәа ирызку азҵаарақәа ианрылацәажәа ашьҭахь, аганқәа иарбоу акатегориақәа ирыҵанакуа атәылауаа рзакәантә зинқәеи ринтересқәеи излауа ала ирласны реиҭашьақәыргылареи рыӡбареи рзы иалхтәу амҩақәа ирылацәажәеит.  

Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа хра злоу аусеицуреи азинтә зҵаарақәа рыӡбараҿы иҟарҵо ацхыраареи рзы иҭабуп ҳәа лҳәеит.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иусбарҭа ахаҭарнакцәа – азиндырҩы Екатерина Лиаховецкаиа, зықәра наӡам рсоциалтә зинқәа рыхьчаразы аспециалист Николь Шамба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа аҩжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩ Максим Литвинови Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнак Сергеи Голенкови.    


Read 329 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.