АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Абҵара.2022

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБИ ВИКТОР БАСАРГИНИ АТРАНСПОРТТӘ УСХКЫ АҾЫ АԤСНЫ-УРЫСТӘЫЛАТӘИ АУСЕИЦУРА ИАДҲӘАЛОУ АКТУАЛРА ЗЛОУ АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны аусуратә ҭаарала иҟоу Урыстәыла атранспорт аусхкы аҿы ахылаԥшра азы Афедералтә маҵзура анапхгаҩы, Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә транспорттә инспектор хада Виктор Басаргин диԥылеит.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Краснодартәи атәылаҿацәи Ареспублика Адагееи аҳәынҭқарратә автомҩатә арегионбжьаратәи аусбарҭа анапхгаҩы Павел Переверзеи.

2008-2012 шықәсқәа рзы Виктор Басаргин Урыстәыла арегионтә ҿиара аминистрс дыҟан. Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара ашьҭахь Урыстәыла арегионтә ҿиара Аминистрра Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара азы апрограммақәа зегьы реиқәыршәареи рынагӡареи рзы азинмчы змоу усбарҭаны иҟалеит.   

Аиԥылара аартуа, Алеқсандр Анқәаб Виктор Басаргин аԥсуа ган ахьӡала иҭабуп ҳәа еиҳәеит аҩганктәи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара азы хаҭала иҟаиҵо алагала азы.  

«Активла адгылара аҭареи, хаҭала Шәара шәыцхыраареи ирыбзоураны Аԥсны асоциалтә ҵакы змоу аобиектқәа рацәаны еиҭашьақәыргылан, аҵак ду змоу апроектқәа нагӡан, ақыҭанхамҩа аусхкы иаҵанакуа апроектқәагьы уахь иналаҵаны. Убри аҟнытә ҳара есымша гәахәарыла шәаҳгәалашәоит, ҳаҭыр зқәу Виктор Фиодор-иԥа, аринахысгьы хра злоу аусеицура ҳазхиоуп»,-ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр.

Аганқәа Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара атранспорттә усхкы аҿы аусеицура аҿиара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәжәеит. 


Read 301 times - Ахаша, 23 Абҵара 2022 23:01
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.