АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Абҵара.2022

АНРИ БАРЦЫЦ АИУСТИЦИА АМИНИСТРРА АУСУРА АФЫМЦА-ԤХЬАӠАЦТӘ ТЕХНОЛОГИАҚӘА РАЛАГАЛАРА ШЫМҨАԤЫСУА АЗЫ АДЫРРА ҞАИҴЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аиустициа аминистр Анри Барцыц атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аиустициа Аминистрра аусура ҳаамҭа иақәшәо ахылаԥшратә напхгараҭара иазку афымца-ԥхьаӡацтә технологиақәа ралагалара шымҩаԥысуа атәы изеиҭеиҳәеит.

Абҵарамза, 2020 шықәса инаркны жәабранмза,  2021 шықәсанӡа аиустициа Аминистрра аҟны имҩаԥыргеит аиуристтә хаҿқәеи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи аусдкылаҩцәеи рҳәынҭқарратә реестрқәа инагӡоу рыԥхьаӡацыркра мҩаԥган.    Ақьаад ианыз адыррақәа алектронтә мҩангагақәа ирынҵан хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа иаку реестр аҟынтәи 22 980 инарзынаԥшуа аусшәҟәқәа, аиуристтә хаҿқәа иаку реестр аҟынтәи – 6 000 усшәҟәы.  

Анри Барцыц ишазгәеиҭз ала, афымца-ԥхьаӡацтә формат ала аҳасабырбара асистема инагӡаны иалагалоуп. Аелектронтә платформа  аоперативла, аамҭа рацәа ақәмырӡыкәа иазинтересу ауааи аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи (Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра, астатистика азы аҳәынҭқарратә Еилакы) ихымԥадатәиу адыррақәа раиура арманшәалоит.

Аминистр иажәақәа рыла, уажәы напхгара зиҭо ахылаԥшырҭа аҿы АҬАР Ареспубликатә архив аԥхьаӡацркра мҩаԥысуеит.  Актәи аетап аҿы 50% рҟынӡа Афон Ҿыц ақалақь ала азиншәҟәқәа рыԥхьаӡацркра мҩаԥысит. Ари аусура иадыԥхьалахеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет апрофилтә занааҭқәа рыла аҵара зҵо астудентцәа.

Зынӡа аԥхьаӡацркра иахысраны иҟоуп 850 000 инареиҳаны ареспублика иахьаҵанакуа иҟаҵоу атәылауаҩратә ҭагылазаашьа иазку анҵамҭақәа.  

Аԥыза-министр иарбоу апроект анагӡара шымҩаԥысуа азы адыррақәа ирҭаларц азы аминистр анапынҵа ииҭеит.  


Read 307 times - Ахаша, 23 Абҵара 2022 22:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.