АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Абҵара.2022

ПИЦУНДА, «ЛИТФОНД» ИАХЬАҴАНАКУА АФУНКЦИАРАЦӘА НАЗЫГӠО АМЕДИЦИНАТӘ ЦЕНТР АРГЫЛАРА АЗԤХЬАГӘАҬОУП.

Аҟәа. Абҵарамза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Акционертә Еилазаара «Концерн Росэнергоатом» апансионат  «Литфонд» аҿы қьырала иааннакыло адгьыл ахәҭа аҟны бжь-еихагылакны иҟоу амедицинатә центр аргылара азԥхьагәаҭоуп.   Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Беслан Кәыбраа, Акционертә Еилазаара «Концерн Росэнергоатом» акорпоративтә функциақәа рзы адиректор хада актәи ихаҭыԥуаҩ  Џьумбер Ҭҟьебучааи злахәыз аиԥылара аҿы амедицинатә центр аргылара иаҵоу аҵаки актуалреи ирылацәажәеит.

«Ҳара ҳаилазаара «Росэнергоатом» Аԥсныҟа аареи қьырала иаанкыланы иҳамоу апансионат иамоу аҭагылазаашьа агәаҭареи рзы аӡбамҭа аднакылеит. Сара сколлегацәа уи рбеит, игәарҭеит, урҭ апансионат адагьы издызкылоз ауааи даараӡа иргәаԥхеит.

Ҳара иазԥхьагәаҭаны иҳамоуп:  шәара ижәбоит иахьазы иҟаҵоу, ҩы-шықәса ирылагӡаны ҳара ари апансионат аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥаагоит. Уажәы апроектҟаҵара мҩаԥысуеит, амедицинатә корпус ҟалоит,  ҳперсонал ареабилитациеи асанатор-курортә хәышәтәреи рахысра азы ихымԥадатәиу амаҵзурақәа зегьы назыгӡо быжь еихагылак змоу ахыбра аргылара ҳгәы иҭоуп.  Убас ала, аамҭа кьаҿ иалагӡаны, ари азҵаара ӡбахоит. Жәаҳәарада, ари амедицинатә корпус ргылахоит, ҳаргьы гәахәара дула Аԥсны зегьы ауааԥсыра ҳадаҳкылалоит», – ҳәа иазгәеиҭеит Акционертә Еилазаара «Концерн Росэнергоатом» акорпоротивтә функциақәа рзы адиректор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Џьумбер Ҭҟьебучаа.

«Ҳара зеиӷьаҟам ала еилаҳкаауеит Аԥсны, аиҳарак Пиундеи Гагреи, ауаа есымша рыԥсы ршьарц иахьаауаз ҭыԥны ишыҟаз. Асезонбжьара ахарҭәаара ҳалшар, ауаа ргәабзиара арҽеиразы иаалар, даара ибзиахоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба.

 

 


Read 308 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.