АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Абҵара.2022

УРЫСТӘЫЛАТӘИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АГУМАНИТАРТӘ УНИВЕРСИТЕТ АҾЫ АԤСНЫТӘИ АГУМАНИТАРТӘ ҬҴААРАҚӘА РИНСТИТУТ АУС АЦУРА АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 22 рзы Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә агуманитартә Университет аҿы иарбоу аҵараиурҭа аректор, аҭоурыхдырратә наукақәа рдоктор, апрофессор  А. Б. Безбородови, ауниверситет  Аҭоурых-архитә Институт архивҭҵаареи аусшәҟәдырреи рфакультет адекан,  аҭоурыхдырратә наукақәа ркандидат Ф. Г. Тараторкини  Аԥсны акультура аминистр ибжьгаҩ, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аусзуҩ М. Г. Бжьаниеи реиԥылара мҩаԥысит.

Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә агуманитартә Университет аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла,  аиԥылара аҿы ирылацәажәеит агуманитартә усеицура иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы: аҭоурыхтә лекториақәеи анаукатә документалтә публикациақәеи реиқәыршәареи реиҿкаареи.

Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә агуманитартә Университет аректор, Милана Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра иӡхьоу адокументалтә ҭынха ареконтрукциа аҿы аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ауниверситет иатәу Аҭоурых-архитә Институт архивҭҵаареи аусшәҟәдырреи рфакультет астудентцәа радыԥхьарала Урыстәыла афедералтә архивқәа рҿы Аԥсны аҭоурых иазку адокументқәа рыԥшаара хықәкыс иҟаҵаны аусура аиҿкаара азы иҟалҵаз ажәалагалаа дадгылеит.  


Read 286 times - Ахаша, 23 Абҵара 2022 22:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.