АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Абҵара.2022

АРЕСПУБЛИКАТӘ ХӘЫҶТӘЫ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АҾЫ АЛАБОРАТОРИА ҾЫЦ ҞАЛОИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аҿы аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Инесса Камлиа аминистр иарбоу амедусбарҭа аҿы иҟоу аҭагылазаашьа азы адырра илҭеит.  

Инесса Камлиа лажәақәа рыла, ахәышәтәырҭа иамоу ақәыӷәӷәара рацәоуп.

«Ичмазаҩу ахәыҷқәа даара ирацәоуп – амбулатортә хәышәтәра иахысуа реиԥш астационар аҿы ахәышәтәра зҭахугьы. Убри аан ҳара акадрқәеи амедицинатә ҭҵаарақәеи аоперациа ахкқәак рымҩаԥгареи рзы иахәҭоу аиқәыршәагақәеи разымхара ҳныруеит», - ҳәа илҳәеит лара.

Едуард Быҭәба, ахәышәтәырҭа иамоу ауадаҩрақәа зегьы ртәы идыруеит ҳәа иазгәеиҭеит.   Агәабзиарахьчара Аминистрреи атәыла анапхгареи ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аусзуҩцәа адгылара рыҭаразы иалшо зегьы ҟарҵоит.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ицхыраара иабзоураны ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аамҭа кьаҿ иалагӡаны ахәыҷқәа егьырҭ амедусбарҭақәа рахь рыиагара азы автомашьына-минивен аиураны иҟоуп.

Иара убас алабораториа ҿыц аҟаҵара афинанстәра мҩаԥгахоит. Аминистрра ала иаахәоуп аиқәыршәага ҿыцқәа. Уи иақәхарџьхаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 5 млн. 372 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Алабораториа аусура ианалагалак ашьҭахь, амедицинатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгара аҩаӡара шьҭыххоит.

«Шьҭарнахыс шәара ҳаамҭа иақәшәо аиқәыршәагақәа рыла, автоматизациа зызу, абиохимиатә анализаторқәа рҿы амедицинатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгара азы алшара шәоуеит.   Уи даара аҵак ду амоуп, аиҳарак ахәыҷқәа рзы», –ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.

Агәабзиарахьчара аминистр аҳақьымцәа агәра диргеит акадртә зҵаарақәа рыӡбарагьы хара имгакәа ишалыршахо.

«Аминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи рколлегацәеи есымша аимадара рыбжьоуп, ҳара урыстәылатәи амедицинатә усзуҩцәа ҳхәышәтәырҭақәа рҿы рԥыԥшрақәа реиҿкаара рзы аиқәшаҳаҭра абжьаҵара ҳҽазаҳшәоит», – ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз, Едуард Быҭәба ихымԥадатәиу аиқәыршәагақәа рсиа еиқәыршәаны агәабзиарахьчара Аминистрра ахь инарышьҭырц азы аҳәара ҟаиҵеит.


Read 339 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.