АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Абҵара.2022

АҞӘАТӘИ АИНФЕКЦИАТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АҲАҚЬЫМ ХАДА АСҬАМЫР ГӘЫНИА УРЫСТӘЫЛАЗЕГЬТӘИ АДИСКУССИАТӘ КЛУБ «COVID-19 UPDATE» АУСУРА ИХЫ АЛАИРХӘИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 22 – 23 рзы имҩаԥысуеит анаука-практикатә конференциа. Онлаин-дискуссиа амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи аекспертцәа акоронавирусттә ҿкы чымазара апандемиа аҿагылараан ироуз аԥышәа иалацәажәоит.

Аспикерцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп – Беларусиа, Азербаиџьан, Узбекьысҭани Аԥсни рҟынтәи аҳақьымцәа.  Аԥснынтәи аконференциа ихы алаирхәуеит Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәыниа.

Асҭамыр Гәыниа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Аԥсны апандемиа аныҟаз аамҭа зегьы иалагӡаны, иаарԥшын 60 нызықь ҩык инарзынаԥшуа ачымазара злаҽыз ауаа, 9714 – ҩык ахәышәтәырҭақәа рҿы рҽархәышәтәуан, 695 –ҩык рыԥсҭазаара иалҵит. Раԥхьаӡа акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз аарԥшын мшаԥымза, 2020 шықәса рзы.

«Хәажәкырамза, 2020 шықәса рзы еиҿкаан аминистрцәа Реилазаара аҟны иҟоу аоперативтә Штаб, иара убас агәабзиарахьчара аҟны иҟаз, уахы-ҽни инеиԥынкыланы аус зуаз аканалрацәатәи аколл-центр. Араионтә хәышәтәырҭақәа руак аҿы еиҿкаан 250 шьҭаларҭа рыла еиқәыршәаз аковидтә хәышәтәырҭа Хада.  Аиҳарак ақәыӷәӷәара ахахьы иагеит амбулатортә хәҭа. Уи ааԥын, 2022 шықәсанӡа адистанциатә режим ала аԥсшьарамшқәа рыда аус ауан», - ҳәа иҳәеит Асҭамыр Гәыниа.

Ачымазара алаҽра аизҳарала, ҭагалан, 2020 шықәса рзы акадртә дефицит аҟазаара еиҳа-еиҳа  иубаратәы иҟало иалагеит, аиҳарак ареаниматологцәа рганахьала.  Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра ацхыраарала Урыстәылатәи Афедерациа еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи Аԥсныҟа рҽеиҭныԥсахло иаауа иалагеит ареаниматологцәа ргәыԥқәа. Иара убри аамҭазы иара убас апандемиа аамҭахәҭа иалагӡаны Аԥсныҟа ҩынтә идәықәҵахеит Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчра Аминистрра иатәу амобилтә арратә Хәышәтәырҭа. Уи Аҟәа ақалақь, асасааирҭа «Аиҭар» иахьаҵанакуа ишьақәыргылан.

Ҭагалан, 2020 шықәса инаркны аҳҭнықалақь аинфекциатә хәышәтәырҭа аковидттә хәышәтәырҭаны иҟаҵан, араионтә хәышәтәырҭақәа рҿы аковидттә ҟәшақәа аартын.

«Апандемиа аан ахәышәтәра астандартқәа инеиԥынкыланы аиҭакрақәа ахьалагалоз инамаданы, агәабзиарахьчара Аминистрра аштабтә режим аусура иабзоураны ахәышәтәра асхема ҿыцқәа оперативла ралагалара алыршахон. Ҿырԥштәыс иааугар алшоит Адунеизегьтәи агәабзиарахьчара Аиҿкаара уи азы абжьгарақәа шыҟанамҵозгьы,  астационар аҿы здоза ҳараку агормоналтә маҭәашьарқәа рыдкылара амҩаԥгара.  Иара убас «цитокиновыи шторм» ҳәа изышьҭоу хра злам аимуннатә реакциақәа рыԥхьырҟәҟәаара иазкыз атерапиа амҩаԥгара, мамзаргьы уахыки-ҽнаки рышьҭахь аклиникатә еффект аҟамзаараан абиомаҭәашьарқәа даҽазныкгьы рхархәара», - ҳәа иҳәеит Асҭамыр Гәыниа. Уи инацҵаны ишазгәеиҭаз ала, уажәы уи акоронавирустә ҿкы чымазара иуадаҩны амҩаԥысра аан рхы иадырхәо ахәашәтәратә станртны ишьақәыргылахахьеит. «Аха усҟантәи аамҭазы ас еиԥш астандартқәа ыҟаӡамызт, ус иуаҳәар ауазар, ҳара иҳадаҳкылоз аӡбарақәа акыр ашәарҭара шаҵазгьы агәаӷьра ааҳарԥшуан. Уи аиашазы аҵыхәтәаны хра злоу алҵшәагьы аанарԥшит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Асҭамыр Гәыниа. 

Аԥснытәи ачымазцәа рыхәышәтәра аҿы акыр ицхыраагӡа дуны иҟалеит апациентцәа рӷьырак рҿы иҷыдоу абиомаркерқәа раарԥшра ахьалыршахаз, ахәҭакахьала Интерлеикин-6, ферритин ҳәа изышьҭоу уахь иналаҵаны.   Иара убас егьырҭ ацитокинқәа (ИЛ-1, ИЛ-2, ИЛ-4, ИЛ-10, ФНОа) ринформативра аҭҵаара мҩаԥысуан.  

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада иажәақәа рыла, ачымазара лыԥхала алҵра аҿы акырӡа зҵазкуа факторны иҟоуп ачымазаҩ иахәҭоу ахылаԥшра иҭара.

«Ианаамҭоу зыкрыфареи зыкрыжәреи еиҿкаау апациент еиҳа ирласны игәы бзиахоит. Сара зыхьӡала сықәгыло ахәышәтәырҭа аҿы ҳара иҳалшоз ала еиҿкаау, аҩнытәи ирзааигәоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара ҳҽазаҳшәон, уи жәаҳәарада ачымазцәа ргәы абзиахара акыр иацхраауан, ахәышәтәырҭа аҿы рыҟазаара аамҭа аркьаҿуан», - ҳәа иазгәеиҭеит Асҭамыр Гәыниа.

2021 шықәса аҩшамҭа инаркны Аԥсны Урыстәылтәи Афедерациа анапхгара ацхыраара иабзоураны, анаҩс зеффективра аазырԥшыз урыстәылатәи алаҵақәа «Спутник V», «Спутник Лайт» рыла ауааԥсыра массала рвакцинациа амҩаԥгара азы алшара ҟалеит.

Ашықәсқәа рыла аусура аихшьаалақәа еиҿырԥшуа, Асҭамыр Гәыниа  2022 шықәсазы аштамм «омикрон» злаҽыз ауаа рхыԥхьаӡара рацәан, аха уи иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз маҷын ҳәа иазгәеиҭеит.  

Аусура хадара злоу ахәҭа мҩаԥган 2020 - 2021 шықәсқәа рзы. Иарбоу ашықәсқәа рзы зыԥсҭазаара иалҵыз рхыԥзхьаӡара 1,4 % рҟынӡа инаӡоит, уи Асҭамыр Гәыниа игәаанагарала,  адунеизегьтәи астатистика иаҿырԥшны, хар змам лҵшәаны иҟоуп. Еиҿҳарԥшуазар, Адунеизегьтәи агәабзиарахьчара Аиҿкаара арбагақәа рыла, иарбоу аамҭахәҭа азы зыԥсҭазаара иалҵыз рхыԥхьаӡара 2% рҟынӡа инаӡеит.    

Асҭамыр Гәыниа иара убас хра злоу алҵшәақәа раарԥшра иадҳәалахаз хадара злоу афакторқәа азгәеиҭеит:

Аусура аштабтә режим аԥҵара;

Апациентцәа рмаршрутизациа аиҿкаара;

Иҿыцу асхемақәа оперативра ралагалара алыршара;

Ахәыштәырҭанӡатәи аҩаӡра аҿы алаборатор-инструменталтә диагностика амҩаԥгара алыршара;  

Иарбоу аҭҵааратә хкқәа зегьы аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ахарџь ала имҩаԥысуан;

Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи рколлегацәа рыцхыраара;

Имариамыз аекономикатә ҭагылазаашьа шыҟазгьы агәабзиарахьчара асистема аҭаххрақәа зегьы реиқәыршәара алзыршоз атәыла анапхгареи ареспублика ауаажәларратә еиҿкаарақәеи ҳәоуеиқәшәарала русеицура амҩаԥгара.


Read 326 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.