«Сынтәа ацитрустә шәырқәа реизгара еиҳа ихьшәаны иалагеит. Ашәыр аизгара еиҳа активра злоу аамҭахәҭа алагоит. Иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, сынтәа аура бзиахеит, иара убри алагьы аекспорт арбагақәагьы еиҳахароуп», – ҳәа иазгәарҭоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҿы.
22.Абҵара.2022
ЦӘЫББРАМЗА 1 АЛАМҬАЛАЗЫ АԤСНЫНТӘИ УРЫСТӘЫЛАҞА ЕКСПОРТ ҲАСАБЛА ИДӘЫҚӘҴАХЕИТ 2 960 ТОНН АМАНДАРИН.
Аҟәа. Абҵарамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ацитрустә шәырқәа рекспорт Аԥсны иалагеит ҳазҭоу ашықәс цәыббрамза 1 азы. Иарбоу аамҭа иалагӡаны, аҳәынҭқарратә аҳазылхратә Еилакы адыррақәа рыла, Аԥсны анҭыҵҟа зынӡа ииагахеит 2 960 тоннеи 508 кьыла амандарин.
Иара убас, експорт ҳасабла идәықәҵахеит: афеихоа - 702 тоннеи 869 кьылеи, алимон - 107 тоннеи 676 кьылеи, ахәырма - 70 тоннеи, 512 кьылеи, араса - 1 587 кьыла.