АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Абҵара.2022

АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТР ЕДУАРД БЫҬӘБА ГӘЫЛРЫԤШЬТӘИ АРАИОНТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬЕИ АРРАТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА ХАДЕИ ДЫРҬААНЫ РУСУРА ГӘЕИҬЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гәылрыԥшь араионтә хәышәтәырҭеи Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иатәу арратә хәышәтәырҭа Хадеи дырҭааны русушьа гәеиҭеит. Иарбоу амедицинатә усбарҭақәа русура атәы аминистр изеиҭарҳәеит аҳақьым хадақәа Гәырам Шьоууеи Алиас Џьынџьали.

Агәабзиара Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Едуард Быҭәба ахирургиатә ҟәша, анестезиологиа, ареаниматологиа аҟәшақәеи, арентгенограмма акабинет русушьа гәеиҭеит, иара убас иҷыдоу аҟәшаҟны абаандаҩцәа амедицинатә цхыраара рыҭара азы иҟоу аусуратә ҭагылазаашьақәа дрыхәаԥшит.

Алиас  Џьынџьал ишеиҭеиҳәаз ала, рхатәы лшарақәа рыла, иара убас абзиаҟаҵаҩцәа рыцхыраарала аоперациатә блок шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара алыршахеит, аԥенџьырқәа, ашәқәа, афымцамҩангагақәа ԥсаххеит, аҭӡамцқәеи аҭуани дырҽеит.

Арратә хәышәтәырҭа ацхыраара ду анаҭеит ареспублика агәабзиарахьчара Аминистрра. Амедицинатә усбарҭа иаҭан аоперациақәа рымҩаԥгаразы аиқәыршәагақәа рацәаны, иара убас арентгентә аппарати автоклави.

Аҳақьымцәа аминистр иҭабуп ҳәа иарҳәеит ироуз ацхыраара азы.  Урҭ апациентцәа ироуа ацхыраара акыр ишацлаз азгәарҭеит.

Гәырам Шьоуа арратә хәышәтәырҭеи араионтә хәышәтәырҭеи рҿы аперспективра злоу аспециалист ҿарацәа аус шыруа гәахәара дула иазгәеиҭеит.

Аҳақьым хадацәа иара убас, напхгара зырҭо амедицинатә усбарҭақәа рҿы макьаназы иҟаҵатәу шырацәоу, иаагозар аоперациатә блок макьаназы иагоу шыҟоу азгәарҭеит.  Иара убас ахшыҩзышьҭра аҭатәуп амедусбарҭақәа рхыбрақәагьы.

«Иахьазы аусурақәа маҷымкәа инагӡоуп. Ҳара аринахысгьы амедусбарҭақәа зегьы рҿы ауааԥсыра иахәҭоу аҩаӡараҿы амедицинатә цхыраара роуларц азы ҳалаԥш рхызаауеит», – ҳәа иазгәеиҭеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Алиас Џьынџьал агәабзиара Аминистрра анапхгараҭара рнапаҵаҟа иҟам амедицинатә усбарҭа ацхыраара ахьарҭо азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, анаҩстәи аусеицуразы агәыӷра шимоугьы ааирԥшит


Read 298 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.