Аҟәа. Абҵарамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 2022 шықәсазы, иҳаҩсыз ашықәс азы еиԥш, Аҟәа араион Ахадара ақыҭанхамҩа аҿиара азы ахықәкытә программа нанагӡоит.
Аԥсныпресс акорреспондент араион Ахадара аҿы иоуз адыррақәа рыла, акомиссиа иалнакааит 12 проект. Урҭ рынагӡра азы иазоужьхо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵадыҵ 3 млн. 452 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 11 проект шықәсырацәа изызҳауа аҵиаақәа (аԥҳәаса, афеихоа, амандарин, ажь) , уҳәа реиҭаҳара иазкхоит, проектк – акартош аиҭаҳара азы.
Абаҳчақәа ҟалоит Аҩадатәи Ешыра, Ешыра, Иашҭхәа, Ӡыгәҭа ақыҭақәа рҿы. Урҭ ирзоужьхоит 9,7 гектар инареиҳаны адгьыл. Шықәсыктәи акультура-акартош «Королева Анна» ашьха иаԥну ақыҭа Ԥсҳәы аиҭаҳара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Апроектқәа рфинанстәра араион абиуџьеҭ аҟынтәи имҩаԥыслоит, иарбоу аԥаратә хархәагақәа 2022 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиаразы иазԥхьагәаҭан.
Аиԥш-зеиԥшу апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны 2021 шықәсазы иақәшаҳаҭхеит иагьынагӡахеит жә-проектк. Урҭ иазоужьхо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 2 млн. 730 нызқьи 820 мааҭи рҟынӡа инаӡоит.