АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Абҵара.2022

ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА АУСЗУҨЦӘА АШКОЛҚӘА РҾЫ АБЫЛРАЦӘЫХЬЧАРАТӘ ШӘАРҬАДАРЕИ АБЫЛРАҚӘА РААН АХЫМҨАԤГАШЬА АԤҞАРАҚӘЕИ РЗЫ АҼАЗЫҞАҴАРАҚӘА МҨАԤЫРГОИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа ареспублика ашколқәа рҿы абылрацәыхьчаратә шәарҭадареи абылрақәа раан ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәеи рзы атеориатәии аԥышәаратәии аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит.

Уажәазы аҳҭнықалақь аиқәырхаҩцәа иаҭааит аҟәатәи абжьаратәи ашкол №10. 11-тәи аклассқәа рҵаҩцәа абылрақәа рыҟалара мзызс иамоуи, амца еимга-еицарак ала алаҵәара афакторқәас иамоу, убри аан ахыхьчашьеи уааигәа иҟоу реиқәырхара азы иҟаҵатәуи рганахьала инарҭбаау адыррақәа роуит.  

Аҟәа ақалақь аԥыԥшырҭа-еиқәырхаратә отриад анапхгараҭара иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥш-зеиԥшу аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысхьеит абжьаратәи ашколқәа №№2, 3, 14 рҿы, урҭ егьырҭ абжьаратәи ашколқәагьы рҿы хымԥада имҩаԥгахоит.


Read 288 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.