АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Абҵара.2022

АҴААҚӘШЬҚЬЫРҨЫ ҚӘЫԤШ ШОРЕНА ГӘЫНИА ЕЛЕЦ АҚАЛАҚЬ АԤХЬАХӘГАРА АҾЫ АХԤАТӘИ АҬЫԤ ААНЫЛКЫЛЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҵаақәшьқьырҩы қәыԥш Шорена Гәыниаԥҳа Елец ақалақь Аԥхьахәгара аҿы ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит, иара убри ала 1-тәи ақәыԥштә разриад шьақәлырӷәӷәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.  Убас ала, 8 шықәса зхыҵуа Шорена Гәыниаԥҳа ақәыԥштә разриадқәа зегьы шьақәлырӷәӷәеит.

Шорена Гәыниа аицлабрақәа рҿы Шәача ақалақь аҵаақәшьқьырратә спорт Академиа «Олимпийский лед» ахьӡала дықәгылон.

Шорена Гәыниа аа-шықәса лхыҵуеит, аҵаақәшьқьырратә спорт ала лҽазыҟалҵоижьҭеи хы-шықәса ҵуеит. Уи дазыҟарҵоит азыҟаҵаҩ Ольга Наидионовеи Тамбовтәи область аҵаақәшьқьырратә спорт Афедерациа апрезидент Наталиа Беловеи.


Read 242 times - Ашәахьа, 21 Абҵара 2022 17:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.