АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Абҵара.2022

АҞӘАТӘИ АСПОРТСМЕНЦӘА АХАЦӘА РКОМАНДАҚӘА РЫБЖЬАРА АНАПЫЛАМПЫЛ АЗЫ АЧЕМПИОНАТ АҾЫ АИААИРА РГЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 20 рзы Аҟәа ақалақь аҿы ихыркәшахеит ахацәа ркомандақәа рыбжьара анапылампыл азы Ачемпионт.   Атурнир рхы аладырхәит аа-командак: Аҟәа, Очамчыра, Гагра, Пицунда, Агәыӡера, Аҷандара, иара убас Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет акомандақәа.

Ахԥатәи аҭыԥ азы аматч аҿы еиԥылеит ААУ акомандеи Аҷандара-2 акомандеи. Ари аиндаҭлара аҿы асчиот 3:2 ҳәа аҷандаратәи акоманда аиааит.  Афиналтә еиндаҭлара аҿы еиԥылон «Аҟәа» акомандеи 2021 шықәсазы Аԥсны ачемпион ҳәа ахьӡ занашьахаз Аҷандҳаратәи акомандеи. Акомандақәа ахәаԥшцәа дыргәырӷьеит иԥшӡоу анапылампыл ахәмарра ала. Аматч хыркәшахеит асчиотом 3:1 ҳәа аҟәатәи акоманда аиааирала.

Ачемпионат аркра иазкны имҩаԥысыз аныҳәатә церемониа аҿы атурнир қәҿиарала ахыркәшара аспортсменцәа ирыдырныҳәалеит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аспорт аҟәша аспециалист хада Адгәыр Киут, Аԥсны анапылампыл Афедерациа апрезидент, акоманда «Аҟәа» ахәмарҩы  Аслан Ҭырқьба, иара убас ачемпионат аӡбаҩ хада, ареспубликатә категориа змоу аӡбаҩ  Џьумбер Салаҟаиа.

Атурнир иреиӷьу ахәмарҩцәа ҳәа иалкаахеит: Осман Чамагәуа (Аҷандара), Нестор Касланӡиа (ААУ), Ҭемыр Гәыниа (Аҟәа), Данил Џьениа (Аҷандара-2).

Акомандақәа ахраҿақәа, амедалқәа, иара убас аԥаратә ҳамҭақәа ранашьахеит.

Аицлабрақәа реиҿкаара рхахьы иргеит Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы, анапылампыл азы Аԥсны Афедерациа.


Read 318 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.