АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Абҵара.2022

«АԤСНЫПРЕСС» РКОЛЛЕГАЦӘА АТЕЛЕХӘАԤШРА АУСЗУҨЦӘА АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АТЕЛЕХӘАԤШРА АМШНЫҲӘА ИНАМАДАНЫ ИРЫДЫРНЫҲӘАЛОИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа иазгәарҭоит Адунеизегьтәи ателехәаԥшра Амшныҳәа (World Television Day). Ари аныҳәа аԥҵан ԥхынҷкәынмза 17, 1996 шықәса рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара (ООН) Ассамблеиа Хада ала.

Аԥсны ареспублика зегьы аҟны адырраҭарақәа алазырҵәо ателехәаԥшратә еилазаарақәа ҩба ыҟоуп.  Уи – абҵарамза 6, 1978 шықәсазы иаԥҵаз  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадҳио Еилахәыреи рашәарамза   26,  2007 шықәса рзы раԥхьаӡа аефир ахь ицәырҵыз «Абаза-ТВ» роуп.  Иара убас Аԥсны аус руеит иҭыԥырку ателестудиақәа – «Гәдоуҭа-ТВ», «Гал –ТВ».

«Гәдоуҭа-ТВ» адиректор Лариса Ҷанба Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо напхгара зылҭо ателестудиа аиҳарак араион аҿы имҩаԥысуа ажәабжь ҿыцқәа аланарҵәоит ҳәа иазгәалҭеит.

«Ҳара 2012 шықәса инаркны Гәдоуҭа араион аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа рзы адыррақәа ауааԥсыра ирылаҳарҵәоит. Аефир ахь ҳара ҳцәырҵуеит мчыбжьык ахь ҩынтә: амҽыша, ашәахьазы аиҭарбара ҳамоуп.  Аштат ала ҳара ҳтелестудиа аҿы 14-ҩык аус руеит», – ҳәа илҳәеит лара.

 «Гал-ТВ» аредактор Анжела Убилаа убасҵәҟьа иазгәалҭеит ртелестудиа аиҳарак ала Гал араион ажәабжь ҿыцқәа рзы адырра шыҟанаҵо.

«Аха иазгәаҭатәуп, зны-зынлагьы ҳара Очамчыреи Ҭҟәарчали араионқәа рахь ааԥхьара анҳаулак  ҳанцогьы шыҟало, уахьынтәи нас арепортажқәа ҟаҳҵоит. Ҳара мҽышала, мчыбжьык иалагӡаны иҟало ажәабжьқәа рыхҳәаа ала аефир ахь ҳцәырҵуеит, ашәахьала аиҭарбара ҳамоуп.  Аштат ала ҳтелестудиа аҿы аус руеит 16-ҩык», - ҳәа еиҭалҳәеит лара.

Аинформациатә агентра «Аԥсныпресс» аредакциа Адунеизегьтәи ателехәаԥшра Амшныҳәа инамаданы рколлегацәа ателехәаԥшра аусзуҩцәа ирыдныҳәалоит, ирзеиӷьаршоит арҿиаратә қәҿиарақәа, ажәабжь бзиақәа, аманшәалара.

 

 


Read 301 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.