АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Абҵара.2022

АИХАМҨА АБРИГАДА АИҲАБЫ ИГАНАХЬАЛА АФЫМЦАЕИБЫҬАҨ ИԤСРА АФАКТ ИНАМАДАНЫ АУСЕИЛЫРГАРА ХАЦЫРКУП.

Аҟәа. Абҵарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Абҵарамза 18, 2022 шықәса рзы апрокуратура Хада аусеилыргара Аусбарҭа «Аԥснытәи аихамҩа» аенергетикатә еимадаратә хәҭа абригада аиҳабы Ҳарания Р.И. иганахьала ауаҩы иԥсҭазаара алҵра зыхҟьаз аџьа ахылаԥшра аԥҟарақәа реилагара (АА АЗ ахәҭаҷ 140 ахәҭа 2) афакт ала аусеилыргара хацнаркит.

Ашьаусеилыргара аматериалқәа рыла ишышьақәыргылахаз ала, мшаԥымза 27, 2022 шықәса, 11:00 сааҭ инаркны 13 сааҭи 20 минуҭи рҟынӡа Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» аенергетикатә еимадаратә хәҭа (ЭЧК) абригада аиҳабы Ҳараниа Р.И., аҭакԥхықәра зду аплантә усурақәа рнапхгаҩи рынагӡаҩи иаҳасабала,  афымцаеибыҭаҩцәа рыбригада - Возба Гари  Акаки-иԥеи Царгәыш Алхас Виктор-иԥеи ицны Аҟәа араион Аладатәи Ешыра ақыҭан иҟоу атоннель №16 аҿы аимадаратә каҭа агәаҭареи «Афон Ҿыц-Ешыра» акацар аҿы афымцарахәыцқәа рыԥсахреи мҩаԥыргон. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы рхы иадырхәон амотокәырҷыжь АГВ №810 аплатформа.  

Ҳараниа Р.И., абригада анапхгаҩы иаҳасабала, аџьа ахылаԥшра азы аԥҟарақәа рынагӡара азы аҭакԥхықәра идын.

Ҳараниа Р.И., аџьа ахылаԥшреи аусуразы ишәарҭадоу аҭагылазаашьақәа раԥҵареи рзы идҵаз аҭакԥхықәра ишахәҭоу ала анамыгӡара азы ахарадҵа идуп.  

Ифымцарку аихамҩақәеи автоблокада азураан афымцамч ала аиқәыршәара иазку аиқәыршәагақәеи рхархәараан афымцамҩангагатә шәарҭадара азы Амаҵуратә инструкциақәеи атехника ашәарҭадара Аԥҟарақәеи реилагарала, Ҳараниа Р.И. афымцаеибыҭаҩцәа рыбригада (Возба Г.А. , Царгуш А.В.) иҷыдоу ашәҵатәи ашьаҵатәи иԥышәоу ахыхьчаратә хархәагақәеи рыла реибыҭара алимыршаӡеит, иахәҳоу ахылаԥшрагьы аимҭаӡеит.

Ашәарҭадара аԥҟарақәа инақәыршәаны ишынагӡатәу еиԥш акәымкәа, иҿыхыз аучасток иахьаҵанакуа атоннель №16 аимадаратә каҭа аҿы аихамҩатә транспорт аусзуҩцәа рзы ифымцарку ацәаҳәақәа рҿы ахьчаратә анышәыркра мҩаԥгаӡамызт.  

Аимадаратә каҭа ахь иазԥхьагәаҭамкәа иҳараку амчхара змоу афымцамч анашьҭра иахҟьаны, афымцаеибыҭаҩ Царгәыш А.В. зымчхара 3 300 вольт рҟынӡа инаӡоз аток исит. Царгәыш А.В. иара уааҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит.  

Апрокуратура Хада аусеилырагаратә Усбарҭа иҟалаз ацәгьоура аҭагылазаашьақәа зегьы реилкаареи рышьақәыргылареи иазку аусеилыргаратә усмҩаԥгатәқәа зегьы нанагӡоит.  

 

 


Read 269 times - Амҽыша, 20 Абҵара 2022 14:29
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.