АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Абҵара.2022

ДЖАЏЬАЗТӘ ГӘЫРԤСАҲӘАРА: АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ГЕОРГИ ГАРАНИАН ИХЬӠ ЗХУ АБИГ-БЕНД ЫҚӘГЫЛЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Алексеи Шамба/. Абҵарамза 19 рзы Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысит Георги Гараниан ихьӡ зху Краснодартәи абиг-бенд  ааџьазтә концерт. 

Аконцерт амҩаԥгаҩ, амузыкадырҩы Есма Џьениа иарбоу аколлектив 1997шықәсазы арҿиаратә еидгылара «Премьера» ашьаҭаркҩы   Леонард Гатов ила иаԥҵан ҳәа еиҭалҳәеит.

Усҟантәи аамҭазы аколлектив  Краснодартәи абиг-бенд ҳәа ахьӡ аман. Аоркетр анапхгара аҭара азы Леонард Григори-иԥа ааԥхьара ииҭеит Асовет Еидгыла ахьынӡанаӡааӡоз еицырдыруаз аџьазтә музыкант, апопулиартә ансамбль «Мелодия» анапхгаҩы Георги Арам-иԥа Гараниан.  1998 шықәсазы Георги Арам-иԥа Краснодарҟа аара азы иоуз ааԥхьара идикылеит, дагьалагеит апрофессионалтә џьазтә ансамбль аԥҵара иазкыз аусура. Убри аан уи амузыкнтцәа аӡәгьы имԥсахӡеит. 2010 шықәсазы Георги Арам-иԥа иԥсҭазаара далҵит, аха иара иус аанымкылаӡеит, уи иахьа уажәраанӡагьы қәҿиарала имҩаԥысуеит.

Иахьа Георги Гараниан ихьӡ зху краснодартәи Абиг-бенд напхгара аиҭоит Ҟәбина зҽаԥсазтәыз артист Илиа Филиппов. Ансамбль Урыстәыла еиԥш уи анҭыҵгьы, уи моу адунеи зегьы аҿы еицырдыруа иԥхьагылоу арҿиаратә коллективқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп.

Амузыкантцәа Аҟәа ауааԥсыреи ақалақь асацәеи ҩ-сааҭк ирҭагӡаз амузыкатә гәырԥсаҳәара ҳамҭас ирырҭеит. Аконцерт апрограмма аҿы инагӡахеит аклассикатә џьазтә стандартқәа Диук Еллингтон ирҿиамҭа   «Caravan»,  Гордон Гудвин ирҿиамҭа «The jazz police» еиԥш, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иаԥҵаз асоветтә фильмқәеи еицырдыруа аҳәаанырцәтәи ахитқәа рҟынтәи аџьазтә усдулара змоу акомпозициақәагьы. Еиҳарак иззыԥшымыз акакәны иҟалеит аколлектив ала ажәытә аурыс ашәа «Эх, дубинушка, ухнем» анагӡара.

Аҭәразы акгьы згымыз  Афилармониа азал аҿы иҟаз апублика даара ибзианы амузыканцәа рыдыркылеит, уи моу, аномерқәа рыбжьара еиԥш урҭ рынагӡараангьы акыр аамҭа рнапы еинырҟьон. Акомпозициақәа зегьы рҿы амузыканцәа рҽеиҭныԥсахло  асоло нарыгӡон. Убри аан урҭ аӡәаӡәала еиԥш ианеицынарыгӡозгьы ыҟан. Убри иабзоураны ахәаԥшцәа биг-бенд – ари  асолистцәа мацара рыла ишьақәгылоу аоркестр акушәа анырра роуан. 

Иҟоуп итәаны мацара ари ақәгыларақәа рыхәаԥшра амыцхәрас, гәыԥ-гәыԥла рҽеидкыланы акәашара иалагоз ахәаԥшцәагьы.  Раԥхьа иналар-ааларшәны, иԥхашьа-ԥхаҵошәа, аха нас, аиҳарак Л.Гаидаи икомедиа «Бриллиантовая рука» аҟынтәи ашәақәа рырҳәара ианалага урҭ аритм рҽақәыршәаны ашәаҳәареи акәашареи иалагеит.

Аҟәатәи аџьаз абзиабацәа авиртуозцәа ркоманда рҟазара акыр аамҭа ирхамышҭуа, ргәы иҭымҵәо иҟалашт.

Аконцерт «Урыстәылеи Аԥсни реимадаратә культуратә усмҩаԥгатәқәа» ҳәа апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит. Апроект Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи акультура аусхкы ала ирыбжьоу аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рыҿиареи  иазырхоуп. Аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара адгылара арҭоит Урыстәылеи Аԥсни ркультура Аминистррақәа.


Read 335 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.