АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Абҵара.2022

АРЕПАТРИАЦИА АФОНД АМАЗАРА АИМҴӘАРА АГАНАХЬАЛА ИХАЦЫРКЫЗ АУСЕИЛЫРГАРА АҲӘААҚӘА ИРҬАГӠАНЫ ИААРԤШХЕИТ ИҾЫЦУ АФАКТҚӘА ХӘБА.

Аҟәа. Абҵарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Апрокуратура Хада аусеилыргаратә усбарҭа  арепатриациа ԥыхьатәи аминистр Б.А. Дбар, Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «РемСтрой2012» адиректор  Лакербая А.Г., арепатриациа Афонд атехникатә хылаԥшра анџьныр Ақаҩба  Д.Р. рганахьала (Гәылрыԥшь араион, Маҷара ақыҭа, Далтәи амҩа) ала иҟоу  Акоттедџьтә еиланхарҭа аҿы аргыларатә усурақәа рымҩаԥгараан анапхыцәгьара аҳасабала зеицҵалыҵ 34 257 360  мааҭ рҟынӡа инаӡо аԥаратә хархәагақәа рымпыҵакра азы ихацыркыз аусеилыргара амҩаԥгараан амазара аимҵәара иадҳәалоу иҿыцу афактқәа хәба аанарԥшит.

Уи аԥхьа Дбар Б.А., Лакербаиа А.Г., Ақаҩба Д.Р.  анапхыцәгьара аҳасабала Аԥсны арепатриациа  Афонд амазара аимҵәара азы ахара рыдҵан, ахәҭакахьала, «Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭа  иҟоу Акоттедџьтә еиланхарҭа адәахьтәи аӡымҩангагақәеи ацрыӡмҩангагақәеи рышьақәыргылара» азы анардкыларатә еиқәшаҳаҭра ала иртәыртәыз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 25 296 598 рҟынӡа инаӡон.

Аԥсны апрокуратура Хада асаит иҟанаҵо адыррақәа рыла, арепатриациа ԥыхьатәи аминистр Беслан Дбар, Ареспубликатә унитартә наплакы «Анхарҭа-хархәаратә Усбарҭа» адиректор Ахба З.В., Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «РемСтрой2012» Лакербаиа А.Г., арепатриациа Афонд атехникатә хылаԥшра анџьныр Ақаҩба   Д.Р.  заанаҵтәи ацәыҵеицәажәара ала ԥхынҷкәынмза, 2017 шықәса инаркны ԥхынҷкәынмза, 2019 шықәсанӡа, Гәылрыԥшь араион, Маҷара ақыҭа, Далтәи амҩа ала иҟоу Акоттедџьтә еиланхарҭа аҿы игылоу аҩнқәа №7, 8, 9 аҿы аргыларатә усурақәа рымҩаԥгара иалагӡаны иртәыртәит 19 961 973 мааҭ.

Иара убас Дбар Б.А., Лакербаиа А.Г., Ақаҩба Д.Р.  хәажәкырамза, 2018 шықәса инаркны ԥхынҷкәынмза,  2019 шықәсанӡа аобиект «Акоттедџьтә комплекс иаҵанакуа аҩны №6»    ала иртәыртәит 9 017 395 мааҭ.

Дбар Б.А., Лакербаиа А.Г.,  «Маҷара ақыҭан иҟоу акоттедџьтә еиланхарҭа иахьаҵанакуа аӡымҩахгагатә ҭҳәаақәа ррыцқьара» иазку аусурақәа рынагӡара азы иԥаршеиу анардкыларатә еиқәшаҳаҭра архиара аҳасабала убасҵәҟьа иртәыртәит 1 990 246 мааҭ.

Иара убас иарбоу ахаҿқәеи Ареспубликатә унитартә Наплакы  «Анхарҭа-хархәаратә Усбарҭа» адиректор Ахба З.В., АУН «Анхарҭа-хархәаратә Усбарҭа» анџьныр Хада Ԥшанаа Д.Х., хазхаҭалатәи аусдкылаҩ Ҵәыџьба Иа.Д.  заанаҵтәи рцәыҵеицәажәарала, абҵарамза,  2019 шықәса инаркны мшаԥымза, 2020 шықәанӡа, аобиект: «Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭа  иҟоу Акоттедџьтә еиланхарҭа адәахьтәи аӡымҩангагақәеи ацрыӡмҩангагақәеи рышьақәыргылара» аҿы иртәыртәит зеицҵалыҵ 3 118 475 мааҭ рҟынӡа инаӡо арепатриациа Афонд иатәу аԥаратә хархәагақәа. 

Нанҳәамза, 2013 шықәса инаркны лаҵарамза, 2014 шықәсанӡа Ареспубликатә унитартә Наплакы «Аибга» ԥыхьатәи адиректор, арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилакы АУН «Анхарҭа-хархәаратә Усбарҭа» анџьныр Хада Ԥшанаа  Д.Х., арепатриациа Афонд атехникатә хылаԥшра анџьныр Ақаҩба   Д.Р. заанаҵтәи рцәыҵеицәажәарала аобиект: «Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭа  иҟоу Акоттедџьтә еиланхарҭа адәахьтәи аӡымҩангагақәеи ацрыӡмҩангагақәеи рышьақәыргылара» аҿы иртәыртәит зеицҵалыҵ 169 271 мааҭ рҟынӡа инаӡо аԥаратә хархәагақәа.   

Абҵарамза 18, 2022 шықәса рзы Аԥсны Ашьаусеилыргаратә Закәаеидкыла ахәҭаҷ  156, ахәҭа   4  ала ҿыц иаарԥшхаз аепизодқәа хәба рыла, апрокуратура Хада хыхь иарбоу ахаҿқәа рганахьала аусеилыргара ахацыркра азы аӡбамҭа аднакылеит. 


Read 364 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.