АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Абҵара.2022

АДОКУМЕНТАЛТӘ ФИЛЬМ «ПОИСК» АԤХЬАРБАРА МҨАԤЫСИТ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АТЕЛЕКАНАЛ RUSSIA TODAY АҾЫ.

Аҟәа. Абҵарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Арежиссиор Дмитри Статеинов Анемец фашистцәа рконцлагерқәа рҿы иҭакыз Аԥснытәи аруааи урҭ рҭынхацәеи рыԥшаара  иаҿу аԥснытәи акурсантцәа русура иазкны иҭихыз  адокументалтә фильм «Поиск» аԥхьарбара урыстәылатәи ателеканал  Russia Today аҿы имҩаԥысит. 

«Аԥхьарбара ахәашаҽны имҩаԥысит. Асабша, амш иалагӡаны, уи ахәаԥшцәа ԥшьынтә иддырбеит. Афильм праим-таим иақәшәеит. Ҳара ас еиԥш алҵшәа акыр гәахәарыла иҳадаҳкылоит», - ҳәа иҳәеит  Дмитри Статеинов.

Афильм авторцәа Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалови Аԥсны атәылахьчара Аминистрреи афильм урыстәылатәи ателехәаԥшра аҿы арбара алыршара аҿы иҟарҵаз ацхыраара азы  иҭабуп рҳәоит.

Рашәарамза, 2022 шықәса рзы афильм «Поиск» аԥхьарбара мҩаԥысит афедералтә телеканал  НТВ аефир аҿы имҩаԥысит.

Афильм «Поиск» аҭыхра мҩаԥысит Григори Скворцов напхгара зиҭо Жәларбжьаратәи арра-мемориалтә проект «Ахьӡ архынҳәра» аҳәаақәа ирҭагӡаны, убри аан афинанстә цхыраара ҟанаҵеит Москва ақалақь Анапхгара, Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата, аматериал техникатә цхыраара ҟанаҵеит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра. Апроект «Ахьӡ архынҳәра» Аԥсны атәылауааи Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара егьырҭ атәылақәеи рҟынтәи анемец фашистцәа иҭҟәаны иргаз, иршьыз ргәалашәара иазкуп, Аџьынџьтәылатәи еибшьра Дуӡӡа аҿы хабарда ибжьаӡыз  рыуацәеи рҭынхацәеи зыԥшаауа ацхыраара рыҭара иазырхоуп.

Уаанӡа иҟаз адыррақәа рыла, афильм «Поиск» алагаратә, абжьаратә, азеиԥштә ҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵои, иара убас Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы-қәыԥштә арра-патриоттә уаажәларратә еиҿкаара «Юнармия» алахәылацәеи рырбара азы  Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа рыла иабжьган. Иара убас афильм «Поиск» ақәҭых  Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Санкт-Петербургтәи Ауниверситет ахь аҿар рпатриоттә ааӡара хықәкыс иҟаҵаны астудентцәа дырбаразы идәықәҵахеит.   Адокументалтә фильм «Поиск» Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет астудентцәа ҩынтә идырбахеит. Иара убас идырбан Гал араион, Санкт-Петербург, Тирасполь инхо ауааԥсырагьы.

Афильм аҭыхреи анаҩстәи аус адулареи  2018  шықәса инаркны 2021 шықәсанӡа имҩаԥысуан.


Read 331 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.