АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Абҵара.2022

ДАУР АҚАҨБА МЫҚӘТӘИ АНЫХАБАА АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРА АЗҴАРА АЛА АУСУРАТӘ ЕИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Аҟәа.  Абҵарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура Аминистрра аҿы Мықәтәи аныхабаа аиҭашьақәыргылара иадҳәаланы раԥхьа иҟаҵатәу ауснагӡатәқәа рызҵаара иадҳәаланы аусуратә еилатәара  мҩаԥысит.  Аилатәара рхы аладырхәит акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Гарик Сангәылиа, Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама ахаҭарнакцәа аиереи Матфеи, Делба Боиан, Агәыҳалалратә фонд «Просветитель» адиректор Беслан Аршба, аҭоурых-культуратә ҭынха адепартамент аспециалист хада  Инал Џьопуа, Мықә ақыҭа ауаажәларра рхаҭарнакцәа Ҭарба Роман, Какалиа Алхас, Адлеиба Артур, Ҭарба Асҭамыр.

Аиԥылара иалахәыз аԥхьанатә излагатәу аусурақәа ирылацәажәеит, уажәы зҭагылазаашьа зегьы реиҳа иуадаҩны иҟоу аԥенџьырқәа роуп, иԥсахтәны иҟоуп 61 ԥенџьыр. Аԥенџьырқәа зегьы шәагаала еиԥш формалагьы астандарт иақәшәом, урҭ раҳаракыра  3 - 4 метра рҟынӡа инаӡоит, ахыбхагьежьтә хәҭа иахьаҵанакуа 13 ԥенџьыр ыҟоуп, урҭ раҳаракыра 4 метрак рҟынӡа инаӡоит.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз аганқәа аныхабаа аԥенџьырқәа рыԥсахра иадҳәаланы имҩаԥгатәхо аусурақәа зегьы рзы иахәҭоу аусшәҟәқәа реиқәыршәара азы еиқәшаҳаҭхеит.

Аныхабаа аиҭашьақәыргылара азы абҵарамза 6, 2022 шықәса рзы араҟа имҩаԥган агәыҳалалратә концерт. Иахьазы еизгоуп 350 нызықь мааҭ инареиҳаны, аԥаратә хархәагақәа реизгара онлаин-режим ала иацҵоуп.


Read 317 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.