Аминистр иҟаиҵаз адыррақәа рыла, 2020 шықәсазы Аԥсны 420 инарзынаԥшуа атуристцәа рынырхарҭа ҭыԥ ыҟан, 2021 шықәсазы – 743, иахьазы урҭ рхыԥхьаӡара 778 рҟынӡа инаӡахьеит.
«Иахәҭоу усура мҩаԥган, уи хра злоу алҵшәақәагьы аанарԥшит», – ҳәа иҳәеит аминистр.
Аминистр иажәақәа рыла, макьаназы 2023 шықәсазы азԥхьагәаҭарақәа рыҟаҵара заацәоуп.
«Украина имҩаԥысуа иҷыдоу арратә операциа, жәаҳәарада, ауаа ргәалаказаара анырра анаҭоит. Уаҟа аҭагылазаашьақәа шышьақәгылахо иадҳәалоуп ҳара ҳтуристтә аамҭахәҭа амҩаԥысшьагьы. Ашықәс Ҿыц ашьҭахь еилкаахоит 2023 шықәәсазы иарбан азԥхьагәаҭарақәас рыҟаҵара ҳалшо», - ҳәа иҳәеит Ҭеимураз Хишба.
Аминистр Ареликттә милаҭтә парки Афонҿыцтәи аҳаԥи 9 мыз ирылагӡаны аҭаара арбагақәа ааигеит.
«Аиҿырԥшратә анализ азы иаагахоит жәымз ирҭагӡоу аамҭа – ажьырныҳәамза 1 инаркны жьҭаарамза 1аҟынӡа. 2020 шықәсатәи арбагақәа ҳара иааҳамгаӡеит, избан акәзар апандемиа иахҟьаны ҳара нанҳәамза акы инаркны ауп аусура ҳшалагаз. Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк 2019 шықәсазы иаҭааит 364 556-ҩык, 2021 шықәсазы – 651 130 - ҩык, араҟа рлагала ду ыҟоуп апарк анапхгараҭара. 2022 шықәса 9 мыз ирылагӡаны Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк иаҭааит 583 нызықь ҩык. Иахьазы уи арбага 621 нызықь ҩык рҟынӡа инаӡахьеит.
Афонҿыцтәи аҳаԥы акәзар, 2019 шықәсазы уи иаҭааит 253 нызықь ҩык, 2021 шықәсазы – 394 нызықь ҩык. Ҳазҭоу ашықәс жәымз ирылагӡаны уи иаҭааит 363 нызықь ҩык. Иахьазы ари арбага 387 нызықь рҟынӡа инаӡахьеит», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Ҭеимураз Хишба.