АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Абҵара.2022

АԤСНЫ АҴАРЕИ АБЫЗШӘАТӘ ПОЛИТИКЕИ РМИНИСТР ИНАЛ ГАБЛИА АШКОЛНӠАТӘИ АҴАРАДЫРРА АУСЗУҨЦӘА VII УРЫСТӘЫЛАЗЕГЬТӘИ РЕИЗАРА ДУ ИХЫ АЛАИРХӘУЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Москва ақалақь имҩаԥысуа ашколнӡатәи аҵарадырра аусзуҩцәа VII Урыстәылзегьтәи реизара Ду аусура зхы алазырхәуа Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа адныҳәаларатә ажәахә ҟаҵо дықәгылеит.

Аизара Ду атема хада – ашколнӡатәи аҵарадырра аусхкы аҿы аҳәынҭқарратә политика астратегиатә приоритетқәа. Аизара Ду аспикерцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп – Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа, аҵарадырра анапхгараҭара амуниципалтәии арегионалтәии аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, апрофилтә институтқәа рдиректорцәеи рнаукатә усзуҩцәеи,  ашколнӡатәи апедагогика афакультетқәа рырҵаҩцәеи рнапхгаҩцәеи, ашколнӡатәи аусбарҭақәа русзуҩцәа, иара убас аҭаацәаратә еилазаара рхаҭарнакцәа.

Иҟоу азԥхьагәаҭарақәа рыла, ҩымш ирылагӡаны (абҵарамза 17 – 18) Аизара Ду аусура адистанциала рхы аладырхәраны иҟоуп 20 нызықь ҩык инареиҳаны, латәарала   - 250-ҩык  аделегатцәа.


Read 311 times - Ахәаша, 18 Абҵара 2022 16:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.