АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Абҵара.2022

АҞӘА АРАИОНТӘ ЕИЗАРА АДЕПУТАТЦӘА 2023 ШЫҚӘСАЗЫ АРАИОН АБИУЏЬЕҬ РЫДЫРКЫЛЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа араионтә Еизара адепутатцәа 2023 шықәсазы араион абиуџьеҭ рыдыркылеит.

Абиуџьеҭ апроект адгалара мҩаԥигеит адепутат Заур Сангәылиа.  

Араион ахатәы хашәалахәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ азԥхьагәаҭахоит – 104 млн 985,6 нызықь мааҭ рыла, уи ҳазҭоу ашықәс азы иҟаз арбагақәа раасҭа 54 млн 353,9 нызықь мааҭ рыла еиҵоуп.   Абиуџьеҭ аныхтә хәҭа 209 млн 171,6 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Абиуџьеҭ ахатәы хашәалахәқәеи ахарџьқәеи реиԥшымзаара 68 млн. 324,4 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо адотациа аформала, иара убас 35 млн 861,6 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо Аҟәа араион абиуџьеҭ абалансркра азы идәықәҵахо асубсидиа аформала иҟоу абиуџьетбжьаратәи атранферт ала ихарҭәааахоит.

Ахашәалахәқәа ихадоу астатиақәа:

 – ахашәалахәы азы ашәахтә азԥхьагәаҭоуп 44 млн 803,4 нызықь мааҭ рҟынӡа инарзынаԥшуа.  2022 шықәсазы иҟаз аплантә рбагақәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, ахашәалахәы азы ашәахтә 50 млн 049,3 нызықь мааҭ рыл агырхара шыҟоу убаратәы иҟоуп.  

–Ахашәалахәытә шәахтә  – 44 млн 047,4 нызықь мааҭ.  

– Адгьыл азы ашәахтә – 1 млн 963,2 нызықь маҭ.  2022 шықәса иаҿырԥшны, 762,6 нызықь мааҭ аизырҳара азԥхьагәаҭоуп.  

– Амазара азы ашәахтә –  2 млн 272нызықь мааҭ.  

– Аҷыдалкаатә шәахтә –  1 млн 822,7 нызықь мааҭ.  

– Ашәахтәқәҵара апатенттә система аҳасабала – 153,8 нызықь мааҭ.

– Ашәахтәқәҵара иадҳәалам ахашәалахәқәа– 9 млн 923,1 нызықь мааҭ.

Араионтә биуџьеҭ ахарџьтә статиа хадақәа:

Азеиԥшҳәынҭқарратә зҵаарақәа рзы – 47 млн 405,4 нызықь мааҭ;

Амилаҭтә економика азы – 64 млн 805,1нызықь мааҭ, араион аиқәыршәазаара азгьы уахь иналаҵаны – 56 млн 919,4 нызықь мааҭ;

Анхара-коммуналтә нхамҩа азы – 15 млн 234,5 нызықь мааҭ;

Аҵарадырра азы – 54 млн 413,4 нызықь мааҭ;  

Агәабзиарахьчара азы – 14 млн 756,1 нызықь мааҭ;

Акультура азы  – 5 млн 233,1 нызықь мааҭ;

Аспорти аҿарә политикеи рзы – 1 млн 613,4 ныз. мааҭ;

Асоциалтә политика азы – 5 млн 710,6 нызықь мааҭ. 

Аулафахәы ашәара азы иазоужьхо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 84 млн 248,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡалоит, уи даҽакала иуҳәозар – араион абиуџьеҭ азеиԥш харџьхәҭа аҟынтәи 42 % рҟанӡа инаӡоит.

Заур Сангәылиа, 30%  (64 млн 805,1 нызықь мааҭ) араион ахарџьқәа рзеиԥш еицҵалыҵ аҟынтәи аҟәша «Амилаҭтә економика» иақәшәоит.

Иарбоу аицҵалыҵ аҟынтәи араион аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәеи аиқәыршәазааратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара ахь идәықәҵахоит 56 млн 132,2 нызықь мааҭ. Арахь иаҵанакуеит абарҭ ахарџьқәа:

Аенергетика ахь –  3 млн 212,8 нызықь мааҭ. (ақыҭақәа Ԥсҳәы, Иашҭхәа, Аҩадатәи Ешыра, Ешыра, Ӡгәыҭа);

Ақыҭақәа Ӡгәыҭа, Аҩадатәи Ешыра,  Баслаҭа, Иашҭхәа рҿы аҳаблабжьарамҩақәа реиҭашьақәыргылра азы – 14 млн. мааҭ;

1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рбаҟақәа рыргылара азы  –  6 млн мааҭ, уахь иналаҵаны:  4 млн 400 нызықь мааҭ –  Ешыра ақыҭан; 1 млн 600 нызықь мааҭ -  Аҩадатәи Ешыра ақыҭан;

Ӡгәыҭа, Баслаҭа ақыҭақәа рҿы аӡымҩангагақәа рышьҭаҵара азы – 20 млн. мааҭ;

Иҷыдоу атехника аахәара азы – 5 млн 400 нызықь мааҭ. (аманипулиатори  аминитрактори); 

Ешыра, Аҩадатәи Ешыра, Гәымсҭа ақыҭақәа рҿы ахәыҷтәы хәмарырҭақәа рыргылара азы – 2 млн. мааҭ;

Ӡгәыҭа, Гәымсҭа, Иашҭхәа, Баслаҭа ақыҭақәа рҿы аангыларҭақәа рыргылара азы – 1 млн 519,4 нызықь мааҭ;

Ӡгәыҭа, Иашҭхәа ақыҭақәа Рхадарақәа рхыбрақәа реиҭашьақәыргылара азы – 4 млн. мааҭ .   

 


Read 319 times - Ахәаша, 18 Абҵара 2022 16:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.