Аҟәа. Абҵарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рҿы иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩцәа онлаин режим ала рԥылара мҩаԥигеит.
Аминистр ацҳаражәҳаҩцәа Ацҳаражәҳәарҭақәа русура иадҳәалоу актуалра злоу аспектқәа рганахьала дрыҿцәажәеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Амедиацентр.
Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс, ԥхынҷкәынмзазы ацҳаражәҳәарҭақәа русзуҩцәа зегьы русура аеффективра ахәшьара аҭара мҩаԥызго аттестациатә комиссиа аԥҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. Аттестациатә комиссиа аусура акоординациа аҭара рнапы ианҵоуп аминистр ихаҭыԥуҩ Одиссеи Бигәааи адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аппарат анапхгаҩы Владимир Ачбеи.
Иара убас, ацҳаражәҳәарҭақәа русзуҩцәа зегьы рзы аеффективра арбага хадақәа (KPI) рсистема алагалахоит.
Ацҳаражәҳәарҭақәа русзуҩцәеи Аминистрра аппарат Хада арегионалтә департаментқәеи атактикатәии астратегиатәи ахыдҵақәа рыҭалахоит. Урҭ рынагӡара азы ацҳаражәҳәарҭақәа русзуҩцәа есымза аҳасабырбара ҟарҵалар акәхоит.
Ацҳаражәҳәарҭақәа русура аеффективра азы аҳасабырбақәа есԥшьбарак Аҳәынҭқарра Ахада изнагалахоит.