АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Абҵара.2022

АСЛАН БЖЬАНИА ВЛАДИМИР ПУТИН ЖӘЛАР РАКЗААРА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Жәлар ракзаара Амшныҳәа идиныҳәалеит. 

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа!

Шәара аԥхьа шәнаргыланы, милаҭрацәала еилаԥсоу  Урыстәылатәи Афедерациа иқәынхо шәыуаажәларгьы ирыдысныҳәалоит Жәлар ракзаара амш.

Ари амш Аԥсадгьыл абзиабара символра азнауеит, милаҭла еиуеиԥшым ажәлар ракзаара иазҳәоуп.

Иахьа, Урыстәыла ашәарҭара аамҭеи аԥышәара уадаҩи ирҭагылоуп. Урыстәыла амилаҭ рацәа реидгылареи ракзаареи урыстәылатәи ар мчқәа ргәы ашьҭыхра алдыршоит, атәыла анапхгара урҭ рҿаԥхьа иқәдыргыло ахықәка рынагӡараҟны иагьцхыраагӡахоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хаданы иҟан ус иагьыҟалоит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа.

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, гәык-ԥсык ала иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит Аԥсны асоциалтә-економикатә ҿиара, арегионалтә шәарҭадареи, ҳажәларқәа рыбжьара акультуратәи агуманитартәи еимадарақәа рырҭбаара  азҵаарақәа зҿлымҳара ирышәҭо азы.

Владимир Владимир-иԥа, абри аныҳәамш азы Шәаргьы Урыстәылатәи Афедерациа иқәынхо ауааԥсыра зегьи ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аизҳазыӷьара, аҭынчра.

 


Read 317 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.