АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Абҵара.2022

АСЛАН БЖЬАНИА АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТРРА ХАҬАЛАТӘИ АИЛАЗААРА АРБЏЬАРМЧҚӘА РЫШТАБ ХАДА АНАПХГАҨ ҾЫЦ ВЛАДИМИР САВЧЕНКО ДЫДИРДЫРИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны  Аҳәынҭқарра Ахада, АА Арбџьар Мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хада Аслан Бжьаниа  Атәылахьчара аминистрра хаҭалатәи аилазаара, ареспублика амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа дыдирдырит Арбџьармчқәа Рыштаб Хада анапхгаҩы ҿыц, атәылахьчара аминистр 1-тәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-алеитенант Владимир Савченко. Уи аныҳәатә ҟазшьа змаз аҭагылазаашьаан Владиир Савченко инапы иаиркит АА АМ Рыштаб Хада абираҟ.

Аҳәынҭқарра Ахада Васили Луниов иҭабуп ҳәа еиҳәеит: «Васили Васили-иԥа Луниов иҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп. Ҳаҭыр зқәу Васили Васили-иԥа!  Сара ижәдыруазарц сҭахуп Шәара Аԥсны атәылауаҩ иаԥсахаз тәылауаҩны шәшыҟазауа.  Иазгәасҭарц сҭахуп Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчаралшара арӷәӷәараҟны аҵакы змоу шәлагаламҭа. Аԥсҭазаара ԥхьаҟа ицоит, иҟоуп логикала еибыҭоу аамҭақәак. Ҳара абзиараз ҳәа шәаҳҳәаӡом, маҷк ҳааҭгылоит ауп, иҿыцу, даҽа статуск ала аусеицура ҳалагоит», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. 

Аслан Бжьаниа АА АМ Рыштаб Хада аиҳаб ҿыц Владимир  Фиодор-иԥа Савченко изеиӷьеишьеит аихьӡарақәа ҳазҭагылоу имариам аамҭазы. «Шәара аԥышәа, адырра змоу уаҩуп, ҳақәгәыӷуеит шәдыррақәеи шәԥышәеи АА арбџьар мчқәа русқәа реиӷьтәразы хархәара рыҭахап ҳәа», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада

 

 


Read 307 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.