АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Абҵара.2022

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА БЕДИА АҚЫҬАҞНЫ ЗВОЛЬТҲАРАКУ АФЫМЦАЦӘАҲӘА «АҼГӘАРА -220» АҞНЫ ИҞАЛАЗ АИԤҞЬАРА АХҞЬА-ԤҞЬАҚӘА РАԤЫХРА ИНАМАДАНЫ ИҞАИҴАЗ АНАПЫНҴАҚӘА РЫНАГӠАШЬА ХАҬАЛА ИГӘЕИҬЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан  Бжьаниа хаҭала игәеиҭеит Бедиа ақыҭаҟны звольтҳараку афымцацәаҳәа «Аҽгәара -220» аҟны иҟалаз аиԥҟьара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра инамаданы иҟаиҵаз анапынҵақәа рынагӡашьа.

Арҽеиратә усурақәа ахьымҩаԥысуаз аҭыԥ аҿы иҟан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Ареспубликатә унитартә наплакы "Амшынеиқәафымцамч" Адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо Зураб Багаԥшь.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи амшқәа рзы атәылауаа ирлас-ырласны фымцалашарада ишаанхо, уи ишахҟьо ицәырҵуа азҵаарақәагьы. «Убри аҟынтә абыржәы исашәҳәарц сҭахуп ас еиԥш аҭагылазаашьа зыҟалаз, уи арҽеиразы иарбан уснагӡатәқәоу имҩаԥыжәго. Ҳазҭагылоу аамҭазы 90% ацәаҳәа аидара амоуп», - ҳәа инаҵшьны иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Кристина Озган Аҳәынҭқарра Ахада адырра илҭеит иара идҵа инақәыршәаны аус шадулоу Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтә афымцамчы аагара алшара.

Лара иазгәалҭеит звольт ҳараку афымцацәаҳәа «Аҽгәара» шьаҭанкылатәи арҽеиратә усура амҩаԥгаразы аханатә ҿҳәарас ишарбаз жьҭаарамза 1 инаркны абҵарамза 15-нӡа, аха аԥсуа ган иадҳәалам, атехникатә мзызқәа ирхырҟьаны афымцамч аагаразы аԥкра алагалоуп абҵарамза 1 аҟынӡа, уи азҵаара, хымԥада, ԥыҭрак ашьҭахь иазыхынҳәраны ишыҟоу.

Аԥыза-аминистр  ихаҭыԥуаҩ илҳәеит 32 км рахьтә мызкы аҩныҵҟала 24 км шыԥсаху. Иаанхеит даҽа аа-километрак. Ари ихадароу, раԥхьатәи мзызуп.  "Аҩбатәи амзыз адҳәалоуп аамҭа азымхара, инҭырҳәыцааны имҩаԥгоу аусурақәеи ахархәарахь ирыҭоу ацәаҳәаҿы имҩаԥгаз аусурақәеи рзы атест амҩаԥгаразы. Аус зыдулаз ацәаҳәа зда ԥсыхәа ыҟам арежим ала аусура иалагалан. Убри иахҟьаны афымцамчы аужьра иадҳәалаз ауадаҩрақәа цәырҵит, избанзар ацәаҳәақәа ахархәарахь ианрыҭаз ицәырҵыз апроблемақәа аԥыхтәын",- ҳәа илҳәеит аекономика аминистр.   

Лара иара убас иазгәалҭеит "Амшынеиқәафымцамч" анаплакаҿы ишаԥҵоу атехникатә штаб, абри аамҭа зегьы аус зуаз. "Иацы ахәылбыҽха аусурақәа рылҵшәақәа ирыдҳәаланы аизара мҩаԥысит, иахьа шьыжьнаҵы убри аҩыза аизара мҩаԥган арҽеиратә усурақәа ахьцоз», - ҳәа илҳәеит лара.   ́

Аслан Бжьаниа Зураб Багаԥшь диазҵааит аамҭа шаҟа аҭаху аужьра-ҭышәныртәаларатә усқәа ҳәа. "Амшынеиқәафымцамч"  Адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо иҳәеит, "Амшынеиқәафымцамч" иара ахатә амчала иҟанаҵозтгьы зегьы, хымз иреиҳаны ишадхалоз. «Убри аҟынтә Урыстәылантәи абригадақәа ааԥхьан, аусурақәа еиҳа лассы ихыркәшахарц азы. «Мызки бжаки иалагӡаны аҿҳәара азыԥҵәан, уи ҳаҽҭаҳагӡон. Афымцамч аагара алыршан, ҳара аус ҳуан, аха рыцҳарас иҟалаз, аҵыхәтәантәи ҩымчыбжьа аусурақәа зегьы рхыркәшара ҳалымшаӡеит. Уи аамҭа аужьра-ҭышәныртәаларатә усурақәа рхыркәшара иазкхеит. Абасала, ацәаҳәа ахәҭак акәын иҟаҵаз»,- ҳәа иҳәеит «Амшынеиқәафымцамч» Адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо.

Иара убас уи иҳәеит, афымцалашара аагара анаанкылаха, ацәаҳәа ҿыц ахархәара аҭатәхеит, иаиуз аидара азоужьра-ҭышәныртәаларатә усурақәа раан раԥыхра зылшоз ауадаҩрақәа цәырнагеит. Абасала, ацәаҳәа ҿыц аусураҟны ҷыдарақәак ааԥшит, уи иаанаго уи ауп, атәылауаа афымцамчы еиҧымкрада ироулартә изалыршахаӡом.

Аҳәынҭқарра Ахада аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина  Озган илыдиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Афымцамчы аминистрра дрыҿцәажәарц атәылауаа фымцамчыла реиқәыршәаразы афымцамч аагаразы, насгьы имҩаԥгоу аусурақәа рзы есҽны адырра ирҭаларц.

 

 


Read 331 times - Амҽыша, 06 Абҵара 2022 21:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.